Жәабран 2 инаркны Урыстәыла аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзы арзаҳалқәа рыдкылара аанкылоуп

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПаспорт гражданина Российской Федерации
Паспорт гражданина Российской Федерации - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2023
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭмаҵзурақәа рпортал ажьырныҳәа анҵәамҭаз Урыстәыла атәылауаа ргәырҽанырҵо иалагеит атехникатә мзызқәа ирхырҟьаны аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа хәажәкырамзанӡа рыҭара шаанкылахо азы.
АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Урыстәыла аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа рзы "Аҳәынҭмаҵзураҿы" арзаҳалқәа рыдкылара аанкылоуп жәабран 2 инаркны ҳәа азгәаҭоуп апортал аҿы икьыԥхьу адырраҭараҿы.

"Жәабран 2 инаркны аинформациа аелектронтә мҩангара змоу аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәқәа роуразы арзаҳалқәа рыдкылара аанкылоуп", - ҳәа аҳәоит апортал адырраҭара аҟны.

Убри аан иазгәаҭоуп азыҳәаҟаҵаҩ атәылауаҩшәҟәы аиуразы арзаҳал "Аҳәынҭмаҵзура" ала инеишьҭхьазар, аусбарҭа аҟынтә уи аҭак дазыԥшыроуп, анаҩс аҭак аҿы иарбоу абжьгара дықәныҟәароуп.
Апортал ала акәымкәа арзаҳал нашьҭызар, арзаҳал ахьрыдыркылаз аҭыԥ аҿы амиграциа азҵаарақәа рзы аҟәшахьы идҵаалатәуп.
Иҿыцу аҳәаанырцәтәылауаҩшәҟәы – абиометриатә тәылауҩшәҟәы жәашықәса аҿҳәара амоуп.
Атәылауаҩшәҟәы атитултә даҟьаҿы иагәыласоу амикрочип иара зтәу изы адыррақәеи анацәаҭыԥынҵеи арбоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0