Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҳәынҭстандарти Росстандарти Аҟәа аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Госстандарт Абхазии и Росстандарт провели переговоры в Сухуме
Госстандарт Абхазии и Росстандарт провели переговоры в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2023
Анапаҵаҩра
Аиԥылара рызкын астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны аусбарҭабжьаратә усеицура аҿиара азҵаарақәа.
АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны аусбарҭабжьаратә усеицура аҿиара азҵаарақәа ирызкыз аилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭстандарт аҿы.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит аусбарҭақәа зегьы рҿы ишыҟоу асеиԥш аиқәшаҳаҭрақәа.
Атехникатә ҭышәныртәалареи аметрологиеи рзы Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Антон Шалаев аԥснытәи аган аиԥылара аиҿкааразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Ҳусбарҭақәа ирхықәкуп- Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еинырра арӷәӷәара. Ииасыз ашықәс ҭагалан азы анапы аҵаҩын аусеицураз амеморандум. Ҳара амеморандум аҿы иарбо ақьаад аҿы адагьы оперативла аԥсҭазаара иалаҳарҵәаларц, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ахәаахәҭра еизҳаларц", - иҳәеит Шалаев.
Аԥсны астандартқәеи, ахархәаратәии атехникатәии хылаԥшраз Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Нарсоу Сангәлиа иҳәеит, аиԥылара актуалтә зҵаарақәа рылацәажәаразы хра аманы ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0