Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Росстандарт аиҳабы Аԥсны Аҳәынҭстандарти дареи реинырра шыҟало атәы далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Госстандарт Абхазии и Росстандарт провели переговоры в Сухуме
Госстандарт Абхазии и Росстандарт провели переговоры в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны астандартқәеи, ахархәаратәии атехникатәии хылаԥшраз Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны имҩаԥысыз аиԥылара рызкын астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны аусбарҭабжьаратә усеицура аҿиара азҵаарақәа.
АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Росстандарт аиҳабы Антон Шалаев Аԥсны Аҳәынҭстандарти дареи реинырра шыҟало атәы далацәажәеит.
"2020 шықәсазы ҳҳәынҭқаррақәа рыҩба рхадацәа реиԥылараан ирыдыркылеит атәылақәа рсоциал-економикатә ҿиара аусхк аҟны ауснагӡатәқәа рыпрограмма. Ари апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит астандартизациеи аметрологиеи русхк аҟны азҵаарақәа аус рыдулара. Ииасыз ашықәс ҭагалан азы анапы аҵаҩын аусеицураз амеморандум ", - иҳәеит Шалаев аԥснытәи иколлегацәеи иареи реицәажәара ашьҭахь.
Амеморандум иазыԥхьагәанаҭоит ахаҭабзиара иаку аинфраструктура аԥҵара.
"Ҳара ҳганахь ала иаҳусны иҟоуп аԥснытәии урыстәылатәии абизнес аинырра ԥынгылада аиҿкаара, амаҵзурақәа реиҿкаара, ахаҭабзиареи атауарқәеи реишьаршәалара, аԥкрақәа раԥыхра". - иҳәеит Росстандарт ахада.
Хара имгакәа аԥснытәи аган иаҭахоит Урыстәыла аус зуа астандартқәа рбаза нагӡа иҳәеит Шалаев.
Аԥсны Аҳәынҭстандарт иаиуеит иҿыцу аинформациа еиуеиԥшым аалыҵ азы.
Иара убасгьы астандартизациеи атехнологиеи рзы Краснодартәи ацентр "иаку ахышә" аҳасаб ала аалыҵ хкқәеи атауар хкқәеи раагараан ицәырҵуа атехникатә зҵаарақәа рҭакқәа ҟанаҵалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0