Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хәытаба еиҭеиҳәеит адгьылҵысрақәа раан ааха зауз атәылақәа Аԥснынтә цхыраарс ирзыҟарҵо

Хәытаба еиҭеиҳәеит адгьылҵысрақәа раан ааха зауз атәылақәа Аԥснынтә цхыраарс ирзыҟарҵо
Анапаҵаҩра
Адгьылҵысра арыцҳара ду иҭанарагылаз Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыуаажәлар ацхыраара рыҭаразы Аԥсны аԥшьгоуп акциа "Атәым гәырҩа ыҟаӡам". Уи шеиҿкаахо атәы еиҭеиҳәеит аԥшьгаратә гәыԥ аиҿкааҩцәа иреиуоу Инал Хәытаба.
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи жәабран 6 рзы адгьылҵысра ӷәӷәақәа ҟалеит.
Ҭырқәтәыла жәабран 12-нӡа амилаҭзегьтәи алахьеиқәра иамчыбжьуп.
Адгьылҵасрақәа ирыхҟьаны аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 8 нызқьҩык иреиҳауп, аахақәа роуит 40 нызқьҩык инареиҳаны. Аԥсабаратә рыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟны ирылаҳәауп жәамзтәи аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа.
"Ҭырқәтәыла зегьы иреиҳаӡоу ашәарҭара аԥшьбатәи аҩаӡара рылаҳәоуп. Уи иаанагоит Ҭырқәтәыла аиҳабыра жәларбжьаратәи ацхыраара ишазыԥшу. Ҳара уи атәылаҟны ҳашьцәа, ҳҩызцәа, ҳауацәа нхоит. Ацхыраара ҟаҳҵарц ҳабжьы ҳаргеит. Ауаа арыцҳара ду иақәшәаз уанрызхәыцуа, угәы рҭынчны узтәаӡом. Иарбан цхыраароу иҟахҵарц иҳалшо ҳәа ҳаназхәыц, иҳаӡбеит аԥара еизаҳгарц. Агәыразратә цхыраара ашьҭра иахьатәи аамҭазы ауадаҩрақәа ацуп, убри аҟынтә ус иазыӡбан. Жәабран 15-нӡа аԥара еизаҳгалоит, анаҩс Ҭырқәтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҭагылазаашьа ҷыда аҟәшахьы идәықәҵахоит", - ҳәа иҳәеит Хәытаба.
Иара иазгәеиҭеит уажәазы Шьамтәылаҟа ацхыраара ашьҭра иаҳа ишыуадаҩу. Агәыӷра ааирԥшит аԥара еизгахар, уахьгьы ирыршьҭыртә алшара ҟалап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0