https://sputnik-abkhazia.info/20230210/ashana-anri-argyn-areabilitatsia-dakhysrazy-aareizgara-ialagoit-1044046613.html
"Ашана" Анри Аргәын ареабилитациа дахысразы аԥареизгара иалагоит
"Ашана" Анри Аргәын ареабилитациа дахысразы аԥареизгара иалагоит
2021 шықәса ааԥынразы Анри Аргәын аортопедиатә операциа изыҟарҵеит ихала аныҟәара далагарц азы. Аоперациа қәҿиарала ишихигазгьы, ахәышәтәратә курс... 10.02.2023, Sputnik Аҧсны
2023-02-10T10:30+0300
2023-02-10T10:30+0300
2023-02-10T10:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/09/1044036263_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_8f192658d05ca4f87bb8bb05f4861675.jpg
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәаф шықәса зхыҵуа Анри Аргәын иеиҭашьақәыргылараз (ДЦП, аиџьратә тетрапарез) аԥареизгара иалагеит. 2022 шықәса алагамҭаз иазхаша аԥара еизыргеит, аха алҵшәақәа рышьақәырӷәӷәарази аҷкәын илшарақәа рыцхраарази амоторикатә функциақәа реиӷьтәразы абаҩырҵәыратә комплекс изаамҭанытәиу акурс мҩаԥгатәуп. Ашықәс аҩнуҵҟа Анри иеиҭашьақәгылара иахәо абаҩрҵәырақәа ҟаиҵоит. Ахәыҷ-хымхәацәа рҭаацәа Рассоциациа анапхгаҩы Виолетта Гагәылиа илҳәеит абаҩрҵәырақәа Анри ихәоит, убри азы ирыцҵалатәуп ҳәа. Уи азы еизгатәуп 254 400 мааҭ. Анри игәаҳәарақәа иреиҳауп ихала аныҟәара далагарц, нас – ашкол далгарц. Амузыка анапалакра. "Зегь раасҭа ихадоу схала сныҟәо салагарци ашәаҳәара салагарци роуп. Аха арҭ рыҩба рҿы аԥыжәара зго аныҟәароуп. Ашкол салгар, амузыка снапы аласкыр сҭахуп", - иҳәеит иара, игәҭакқәа дрылацәажәо. Анри иан Софико Свободина илҳәеит аҷкәын уаанӡа цхыраарада дышзымныҟәоз. Ахәышәтәратә курсқәа рышьҭахь адинамика ҵоурахеит. Алаба иҵарсуа аныҟәара илиршоит. Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа атәы еилышәкаар шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/09/1044036263_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_a83a6774c7c21c1493a9f69d1e00783a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
"Ашана" Анри Аргәын ареабилитациа дахысразы аԥареизгара иалагоит
2021 шықәса ааԥынразы Анри Аргәын аортопедиатә операциа изыҟарҵеит ихала аныҟәара далагарц азы. Аоперациа қәҿиарала ишихигазгьы, ахәышәтәратә курс еиԥырҟьатәым.
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" жәаф шықәса зхыҵуа Анри Аргәын иеиҭашьақәыргылараз (ДЦП, аиџьратә тетрапарез) аԥареизгара иалагеит.
2022 шықәса алагамҭаз иазхаша аԥара еизыргеит, аха алҵшәақәа рышьақәырӷәӷәарази аҷкәын илшарақәа рыцхраарази амоторикатә функциақәа реиӷьтәразы абаҩырҵәыратә комплекс изаамҭанытәиу акурс мҩаԥгатәуп. Ашықәс аҩнуҵҟа Анри иеиҭашьақәгылара иахәо абаҩрҵәырақәа ҟаиҵоит.
Ахәыҷ-хымхәацәа рҭаацәа Рассоциациа анапхгаҩы Виолетта Гагәылиа илҳәеит абаҩрҵәырақәа Анри ихәоит, убри азы ирыцҵалатәуп ҳәа. Уи азы еизгатәуп 254 400 мааҭ.
"Ашықәс аҩнуҵҟа ҳазҿыз зегьы иҭаацәагьы иара ихаҭагьы ирылшамҭоуп. Ҳара ҳахь иааиуа ахәыҷқәа рацәаҩуп, аха ари ахәыҷы заҟа аҽазыҟаҵара дашьҭоу аӡәгьы дашьҭам. Дџьашьатәуп. Даара акраҵанакуеит алаба ахьику. Уи уажәшьҭа иаҳа иҽирдадоит, насгьы ишьаҿақәа рыҭбаара еиҳахеит. Уаанӡа шьаҿа хәыҷыкгьы аҟаҵара ицәыцәгьан", - лҳәеит лара.
Анри игәаҳәарақәа иреиҳауп ихала аныҟәара далагарц, нас – ашкол далгарц. Амузыка анапалакра.
"Зегь раасҭа ихадоу схала сныҟәо салагарци ашәаҳәара салагарци роуп. Аха арҭ рыҩба рҿы аԥыжәара зго аныҟәароуп. Ашкол салгар, амузыка снапы аласкыр сҭахуп", - иҳәеит иара, игәҭакқәа дрылацәажәо.
Анри иан Софико Свободина илҳәеит аҷкәын уаанӡа цхыраарада дышзымныҟәоз. Ахәышәтәратә курсқәа рышьҭахь адинамика ҵоурахеит. Алаба иҵарсуа аныҟәара илиршоит.
Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа атәы еилышәкаар шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.