Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа аинвестициақәа еиҳа изҭаху аусхкқәа еиқәиԥхьаӡеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 10 рзы Аслан Бжьаниа абизнес-еилазаара алархәны аилацәажәара мҩаԥигоит.
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аинвестициаз еиҳа иалкаау хырхарҭақәоуп – атуризм, асубтропикатә қыҭанхамҩа, аенергетика, IT, абри атәы иҳәеит абизнесуаа ирԥылаз Аслан Бжьаниа.
Иара иазгәеиҭеит иахьазы Аԥсны аекономикатә проблемақәа Урыстәыла афинанстә цхыраара ада рыӡбара шахәҭам.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәыла ахатә бизнес асанкциақәа ралагалара ашьҭахь активла апартниорцәа ҿыцқәа рыԥшаара ишашьҭоу, Аԥсны ахьгьы ринтерес шышьҭыҵыз.
Ахада игәаанагарала, иахәҭоу зегь ҟаҵалатәуп аинвестициақәа ареспублика радԥхьаларазы, атәылауаа усурала реиқәыршәаразы.
"Иахьа шәара шәхәыцшьа, шәҿыц знеишьақәа ҳҭахуп, Аԥсны адинамикатә ҿиареи ашәҭыкакаҷреи рымҩа иазкылгатәуп", - иҳәеит иара абизнесуаа рахь ихы нарханы.
Ахада иҳәеит 2020 шықәса раахыс аҳәынҭбиуџьет хазырҭәаауа абизнесуаа рхыԥхьаӡара 25% ишацлаз, уи аплантә рбагақәа ишырныԥшыз.
Бжьаниа иажәақәа рыла, аус адулатәуп иагьышьақәырӷәӷәатәуп аҵакыратә планыркра асхема, ақалақьргыларатә концепциа, аҿиарақәа рыпрограмма. Ахада ари рнапы ианиҵеит аиҳабыреи араионқәа рхадацәеи.
Ихадоу усхкны иҟоу атуризм ауп ҳәа ишьоит Бжьаниа. Иара иажәақәа рыла, аус адулоуп апарт-отельқәа рыстатус аҭышәныртәаларазы азакәан апроект. Азакәан анормақәа рҿы иарбоуп аотельқәа рыдгьылтә ҵакырақәа аҳәынҭқарра ишатәу, аобиект ахатәтәра ишаанамго атәылауаҩра аиуреи аполитика аҽалархәреи.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит апарт-отельқәа рҟынтәи ашәахтәшәарақәа рызҳара атәылауаа нхарҭаҭыԥла реиқәыршәараз ихәарҭахоит ҳәа.
Проблемы энергетики и статус апарт-отелей обсудили на совещании у президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2023
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра алацәажәеит аенергетика иамоу ауадаҩрақәеи апарт-отельқәа рыстатуси
Ажәабжьқәа зегьы
0