00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
12 мин
Аиҿцәажәара
Ииультәи ажәылара аибашьцәа рфотоқәа рыла: Гәдоуҭа амузеи аҿы еиҿкаауп ацәыргақәҵа
18:19
3 мин
Аиҿцәажәара
Аԥсны "Кавказ ажәларқәа ркультуреи рҟазареи рфестиваль" аҟны: алахәыла ҳлацәажәоит
18:22
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Актуальный комментарий
Абхазия в тренде: кого привлекает страна и хватит ли всем мест?
18:53
3 мин
Гражданин и начальник
Безопасность на воде: как предотвратить трагедии в акватории Абхазии?
18:56
17 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бебиа: досу ишиҭаху акәымкәа, заанаҵы ишьақәырӷәӷәоу апроект ала ақалақьқәа дыриаҵәалоит

Бебиа: досу ишиҭаху акәымкәа, заанаҵы ишьақәырӷәӷәоу апроект ала ақалақьқәа дыриаҵәалоит
Анапаҵаҩра
Аԥсны ариаҵәареи аҵиаақәа рхылаԥшреи рыхьчареи рызҵаарақәа ҭышәынзыртәало анорматив-зинтә актқәа рыпроектқәа аус рыдуларазы аусутә гәыԥ аԥҵоуп. Уи ареспублика анхарҭа ҭыԥқәа рыриаҵәара азҵаарақәа рзинтә ҭышәныртәалара аиҿкаареи, закәаншьаҭала аиаҵәара ахылаԥшреи ахьчареи знапы иану аҳәынҭнапхгараҭаратә усбарҭақәа рышьақәыргылареи хықәкыс иҟаҵоуп. Ас еиԥш азҵаара адкылара ахьынӡахымԥадатәииз, анаҩс зҵаарақәас иаӡбарц иалшо арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит аҵарауаҩ-абиолог, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.
"Ари апроблема даара акрахыҵуеит. Ҳариаҵәара бжьысуа ианалага, ас зынӡа агәаҟра ҳанҭагыла, ақалақьқәа рҟны досу ишиҭаху аҵлақәа дрызныҟәо ианалага, уадаҩра дуны ишьақәгылеит. Убри аҟынтә аиҳабыра иаԥырҵеит апроект, зинла ишьақәдырӷәӷәеит иҟаҵатәу шыҟаҵатәу, еиҭаҳатәу, насгьы ахьчара иазхәыцын. Даараӡа ҳазхәыцны ҳазнеит апроект, ас еиԥш ишьақәыргыланы иҳамаӡамызт. Уи азы иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Давид Сангәлиа, ирманшәаланы, ирҵауланы иахьыҟаиҵаз азы", - иҳәеит Бебиа.
Иара иазгәеиҭеит уажәшьҭа досу ишиҭаху акәымкәа, ариаҵәаразы ишьақәырӷәӷәоу ауснагӡа инақәыршәаны ақалақьқәа рҟны аҵлақәа шеиҭарҳауа.
Аҵарауаҩ-абиолог иазгәеиҭеит ариаҵәара аԥҟарақәа еилазго ахараԥсақәа рнаҩсгьы ашьауӷатә ус шырзыԥшу, акыр ишырџьбароу ахьырхәра.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0