Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Лазбеи Ханагәуеи "амаининг чымазара" ахәшәтәышьа иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Лазбеи Ханагәуеи "амаининг чымазара" ахәшәтәышьа амҩақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи закәаншьаҭада иаҿаку аппаратқәа ауааԥсыра ирыларгаларц анапынҵа рыҭоуп. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аппарат хада, ақалақьтә усбарҭақәа, араионтә ҟәшақәа русзуҩцәа амаининг-фермақәа раарԥшразы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Ахархәагақәа Аҳазалхратә еилакы аҿы игәарҭоит, иахьынтәаагоуи ианаагоуи рзы аинформациа ыҟамзар, изтәу ирымырхуеит.
Аунитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" Гәылрыԥшь араионтә ҟәша аиҳабы Зураб Ханагәуа иаҳзеиҭаиҳәоит араион аҟны закәаншьаҭада иаҿаку аппаратқәа ауааԥсыра рылгара шымҩаԥысуеи, аҵыхәтәантәи ахыԥхьаӡарақәеи ртәы. "Афымцаҭира" ԥасатәи ахада Инал Лазба далацәажәеит ари азҵаара ауадаҩра захылҿиааз, уи ӡбашьас иаиурц алшо атәы. Иазгәеиҭеит уи зеиԥшла уазааҭгылозар, азҵаара аӡбашьа амоуӡеит афымцаусзуҩцәа ргәаанагара шьаҭас иганы ашьаҿақәа ахьрыдрымкылоз.
Иара игәаанагарала, амаининг азы афымцалашара зхы иазырхәаз ԥшааны ауалқәа рықәҵатәуп, инырхыз афымца ахә дыршәатәуп.
"Ауаҩы алашара ахә имшәазаргьы, уи иқәзароуп. Абри ауаҩы амаининг изықәгылан, абриаҟара ауал иқәуп ҳәа иарбазар, убасҟан "Амшынеиқәафымцамч" аус нарыгӡеит ҳәа аанагоит. Иаҳҳәап, асасааирҭаҟны унеины иубазар, убригьы ауал иаҵуҵар ҟалоит. Дара ирҭахӡам амаининг азы лашарада иаанужьыр, асезон роуӡом, ауаа рыда иаанхоит. Аԥхьаӡагақәа ықәгыламзаргьы, иҟоуп аформула инырхыз афымца злоуԥхьаӡаша. Иҟан миллионла ианрықәаҳҵоз ахараԥсақәа, ианыршәозгьы. Сара иахьа избаӡом астатистика аӡәы алашара ахә иқәны. Иҳаҳауеит алашара мыцхәы инаҳхуеит 500 миллион киловатт сааҭ ҳәа, убри зӷьычыз ԥшаатәыми хаҭахаҭала. Абри аусура хыбгалоуп", - иҳәеит Лазба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0