Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 20 нызқьҩык иреиҳахахьеит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛиквидация последствий землетрясения в Турции
Ликвидация последствий землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Анапаҵаҩра
Зымчхара 7,7 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы ашәахьа ашарԥазы. Иара уи аҽныҵәҟьа уа 7,6 иҟаз амч змаз даҽа дгьылҵысрак ҟалеит.
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 20213-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ахәрақәа зауз - 80052-ҩык рҟынӡа, абри аҩыза адыррақәа ааигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Фаҳреҭҭин Коџьа.
"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 20 213-ҩык ҭахеит, 80 052-ҩык ахәрақәа роуит", - иҳәеит Коџьа апровинциа Ҳаҭаи аҿы имҩаԥгаз абрифинг аан.
Жәабран 6 рзы иҟалаз адгьылҵысра иахьатәи амш азы Ҭырқәтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь иреиҳау рыцҳараны иазыҟалеит 1939 шықәсазы Ерзинџьан иҟалаз адгьылҵысра ашьҭахь. Адгьылҵысрақәа, уи ашьҭахь аҭыԥ змаз афтершокқәа рнырит атәыла апровинциақәа жәаба, иара убас агәыларатә тәылақәа, Шьамтәыла налаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0