Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2022 шықәсазы аихамҩала Аԥсныҟа иаагоуп 796 нызқь тонна аидара

© Sputnik / Акоп КущянСухумский железнодорожный вокзал
Сухумский железнодорожный вокзал  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. 2022 шықәсазы аихамҩала Аԥсныҟа иаагоуп 796 нызқь тонна аидара, абри атәы "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит "Аԥснеихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа.
Иҳаҩсыз ашықәс азы зынӡа аԥснытәи аихамҩа иаднакылеит 11902 аидарамҩангагатә вагон. Мшаԥымзазы ирекордттәу арбагақәа азгәаҭан- аихамҩала иааган 145,8 нызқь тонна аидара, уи 2159 вагон ауп.
2021 шықәсазы аихамҩала иааган 455, 4 нызқь тонна аидара зқәыз 7057 вагон.
2020 шықәсазы аихамҩала иааган 216,2 нызқь тонна аидара зқәыз 3517 вагон.
2019 шықәсазы аихамҩала иааган 438,1 нызқь тонна аидара зқәыз 6523 вагон.
Виды грузоперевозок - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.12.2021
Аҳәаанырцәынтә: Аԥсныҟа атауарқәа шаарго
Ажәабжьқәа зегьы
0