Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Тҟәарчали Гали аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Тҟәарчали Гали араионтә ҟәшақәа рҟны аусутә еилацәажәарақәа мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Тҟәарчал араион амилициа аиҳабы ин.н. Арсен Биџьиев иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭаргалеит ашьаусқәа 13, урҭ рҟынтәи 11 аарԥшын, уи аарԥшрақәа 84% иартәеит.
Биџьиев иазгәеиҭеит, иҳаҩсыз ашықәс азы ашәҟәы иҭагалаз ашьаусқәа 26 рҟынтәи 18 аарԥшын ҳәа.
Иажәақәа рыла, ихьанҭоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акырӡа илаҟәит. 2021 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 12 цәгьоура, иаарԥшын жәба, 2022 шықәсазы араион аҟны ихьанҭаз ԥшь-цәгьоурак аҭыԥ рыман, урҭ рҟынтәи ҩба аарԥшын.
Арҩашьыгатә маҭәашьарақәа здызкыло ҳәа иаанкылан 24-ҩык, ргәаҭара ашьҭахь 13-ҩык ртәы шьақәырӷәӷәахеит.
Патрульные машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2023
Аԥсны
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра: Аԥсны жәаба рҟынӡа анаркоканалқәа ыҟоуп
Иара убас шықәсык иалагӡаны араион аҟны амҩатә машәырқәа быжьба ҟалеит, урҭ рҟны аӡәгьы дҭамхаӡеит. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа реилагаразы 1656 еилагара ашәҟәы иҭаргалеит, урҭ рҟынтәи 146-ҩык ижәны аԥсҟы ркын.
Уи адагьы Биџьиев иҳәеит ашьаусԥшаара 48-ҩык рзы ирылаҳәоуп ҳәа, шықәсык иалагӡаны урҭ рҟынтәи аӡәгьы даанырымкылеит.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Тҟәарчалтәи амилициа аҟәша аусура хьысҳауп ҳәа ахыиҳәааит, агәынамӡара ааирԥшит аныцәи амаининг-фермақәа раарԥшразы иҟоу арбагақәа рзы.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2023
Аԥсны
Амаининг-аппаратқәа 150 раҟара уахыки-ҽнаки рыла изтәыз ирымырхит Аԥсны азинхьчаҩцәа
Гал араион аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу азы ажәахә ҟаиҵеит араион амилициа аиҳабы ин.н. Беслан Џьваниа. 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭаргалеит ашьаусқәа 41, урҭ рҟынтәи 35 аарԥшын, уи аарԥшрақәа 85% иартәеит. Арҭ ацәгьоурақәа рҟынтәи быжьба ихьанҭоу ҳәа ишьоуп, урҭ рҟынтәи хԥа аарԥшуп. Џьваниа иажәақәа рыла, 2021 шықәсазы араион аҟны 45 цәгьоура аҭыԥ рыман, ихьанҭоу ҳәа ишьоуп 10, зынӡа 42 шьаус аарԥшуп.
Ашьаусԥшаара 99-ҩык рзы ирылаҳәоуп. Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы Қырҭтәыла иҟоуп.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Галтәи амилициа аҟәша аусура хьысҳауп ҳәа ахыиҳәааит, аиҭакрақәа ҟаларц шалшо атәы азгәеиҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0