Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 24 617 нызқьҩык рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Сертач Каяр / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПоследствия землетрясения в Турции
Последствия землетрясения в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2023
Анапаҵаҩра
Зымчхара 7,7 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы ашәахьа ашарԥазы.
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 24 617 нызқьҩык, абри атәы иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ Фуаҭ Октаи.
"Адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 24 617 нызқьҩык", - иҳәеит Октаи имҩаԥгаз абрифинг аан.
Октаи иажәақәа рыла, аҩнқәа рыргылараан аԥҟарақәа еилазгаз ҳәа ишьоу 113-ҩык раанкыларазы азин рыҭоуп, аӡәы дҭакуп.
Асабша ауха Шьамтәыла аиҳабыра адырра ҟарҵеит, адгьылҵысраан ишҭахаз 1408-ҩык, аахақәа роуит 2341-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0