Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкотуа адгьылҵысразы: аԥсуа иуаҩра ианаало ахымҩаԥгашьа аадырԥшит ҳажәлар

Ҷкотуа адгьылҵысразы: аԥсуа иуаҩра ианаало ахымҩаԥгашьа аадырԥшит ҳажәлар
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟалаз адгьылҵысрақәа ирықәҿырҭит Аԥсны аиҳабыра реиԥш, атәыла ауааԥсырагьы. Ацхыраара аидкылара знапы алаку руаӡәк, Октаи Чкотуа арадио Sputnik аефир аҿы агәыҳалалратә акциа ахәшьара аиҭеит, Ҭырқәтәыла иҟоу аҭагылазаашьа ахҳәаа азыҟаиҵеит, насгьы Мраҭашәаратәи атәылақәа Шьамтәыла аганахьала рхымҩаԥгашьа дақәыӡбеит.
Раԥхьатәи аамҭазы ацхыраара схахьгьы имааиӡеит, уи аԥшьызгаз аҿар роуп иҳәеит Чкотуа арадиоефир аҿы. Уаанӡа Адаԥазар иҟаз адгьылҵысра иҭаацәа ирнырит аҟынтә, снапы, сшьапы мҵысуа сгәы каҳаны сыҟан ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аҿар роуп иаԥшьызгаз ари. Ҳара агәаҟра ҳанҭагылаз ишҳацхраауаз еиԥш имаҷзаргьы, ҳашрыдгыло аазырԥшуа цхыраарак еиҿаҳкаап рҳәан, иалагеит. Ажәларгьы аԥсуа иуаҩра ианаало ахымҩаԥгашьа аадырԥшит", - иҳәеит Чкотуа.
Октаи Чкотуа иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа хеидкылақәа рыжәҩахыр еибыҭаны аҭыԥан иҟарҵаз ацхыраара игәы ишахәаз. Уа иҟоу ҳажәлар еилыркааит ак ааҟаларгьы, рымацара ишнымхо, рыуаажәлар шрыдгыло ҳәа азгәеиҭеит иара.
Чкотуа игәаанагарала, Ҭырқәтәыла ацхыраара инамыцхәны инеизаргьы алшоит, уи згу Шьамтәылоуп.
"Мраҭашәара анцәажәо ауаҩ изинқәа рдыруеит, аха ауаҩра ианымаало аполитика мҩаԥыргоит. Шьамтәыла рхала иҟоуп, дара арыцҳара ду иҭагылоуп. Аибашьра анаҩс адгьылҵысрагьы рнырит. Еизаҳгаз ацхыраара зегьы уахь ишьҭызар ҳәа агәаанагара рымоуп аҿар", - иҳәеит Чкотуа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0