Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахба: аҳәынҭқарреи, ажәлари, азакәани рымчқәа рхазароуп афымцалашара ашьақәыргыларахь

Ахба: аҳәынҭқарреи ажәлареи азакәани рымчқәа рхазароуп афымцалашара ашьақәыргыларахь
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палатаҟны аенергетикаҿы иҟоу апроблемақәеи ишьақәгылаз акризис алҵра азы амҩақәа рыԥшаареи ирызкыз аиԥылара мҩаԥысит. Апалата алахәыла Асҭамыр Ахба арадио Sputnik инарҭбааны иазеиҭеиҳәеит уаҟа излацәажәаз атәы.
Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаԥысыз аилацәажәараҿы иахьа аенергетикаҿы ишьақәгылаз акризис зыхҟьаз еилдыргеит, аспециалистцәа иреилдыркааит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, иҟаҵатәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Еиҳарак ауааԥсыра зегьы ргәы иҵхо азҵаара афымцаҭира аганхьала иҟоу ацәажәарақәа шҵаҵӷәыдоу ҳәан. Зегьы еилкааны ирымоуп, иара аҳәынҭкарратә наплакны иаанхар шахәҭоу. Ирыҭатәуп ҳәа зҳәо идеилыркаатәуп уи шаԥсам. Аҳәынҭқарреи, ажәлари, азакәани рымчқәа рхазароуп афымцалашара ашьақәыргыларахь. Аинвестициақәа ралагалара аформақәа рацәоуп, уи аекспертцәа алархәны еиҭа аиԥыларақәа мҩаԥгатәуп. Акы иазнеитәуп. Ҳара гәаартыла ҳаицәажәеит", - ҳәа иҳәеит Ахба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0