Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

12 шықәса раԥхьа ауаҩы дызшьыз ихарадҵазы азыӡбара аднакылеит Аҟәатәи аӡбарҭа

© Sputnik / Кирилл КаллиниковНа аукционе "Анимация. Кино. Книги. Архивы. Графика, Редкие документы" в Москве. Каталог включает более 500 лотов в 14 разделах
На аукционе Анимация. Кино. Книги. Архивы. Графика, Редкие документы в Москве. Каталог включает более 500 лотов в 14 разделах - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. 12 шықәса раԥхьа ауаҩы дызшьыз ихарадҵазы азыӡбара аднакылеит Аҟәатәи аӡбарҭа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада асаит.
Ауаҩшьрази закәанда абџьар аҵәахреи рзы ахарадҵа идҵоуп 55 шықәса зхыҵуа Баслахә ақыҭа анхаҩы Альберт Берулаа.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, 2010 шықәса лаҵара 31 асааҭ 13:30 рзы Аҟәа, автоџьармыкьа аҵакыраҿы 1971 шықәса рзы ииз Гаделиа Геннади "Макаров" итапанчала диеихсны дишьит. Альберт Берулааи Гаделиа 2007 шықәсазы ирымаз аимак аан Гаделиа Берулаа дихәхьан. Ауаҩшьразы азакәан ахәҭаҷ инақәыршәаны, изышьҭаз Альберт Берулаа 2010 шықәса ԥхынгәы 2 раахыс иҽиҵәахуан.
Аусӡбарҭа аӡбарала Берулаа быжьшықәса ҭакрала ихигарц иқәҵоуп. Аҟәатәи апрокуратура азыӡба иақәшаҳаҭӡам, ахарадҵа џьбарам ҳәа иахәаԥшуеит, аус еиҭахәаԥшырц Аԥсны Иеиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиахь азыҳәа нанашьҭуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0