Ҳашԥҳа: аԥсыраӡа, аԥсыцқьара, аиашара, ауаҩра ауп ныхахәс исымоу
Ҳашԥҳа лышәҟәы "Аԥсыраӡа" азы:
Анапаҵаҩра
"Аԥсыраӡа" ахьӡуп ааигәа иҭыҵыз апоетесса Инна Ҳашԥҳа лажәеинраалақәа реизга. Арҿиаҩы лнапы иҵылгаз лырҿиамҭақәа рҟны еснагь еиԥш дзықәныҟәо ԥҟараны иҟоуп ажәа ацқьареи, уи амч аҵаулареи раарԥшра шлылшо ртәы дазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Ҳашԥҳа иазгәалҭеит лышәҟәы ахьӡ ҩба-хԥа хырхарҭа шцәырнаго, лара дзымҵахырхәо, ныхахәс илымоу шаанырԥшуа.
"Ажәлар "аԥсыраӡа" анырҳәо уи даара зыгәра рго, ламыс змоу, аҳәамҭаҿы иҟоу аԥҟарақәа аԥсуа дызқәиҭу, иқә-иҵас зегьы шьҭызхуа ҩаӡароуп, уи агәрагара иатәуп. Даҽа хырхарҭак атәы уҳәозар, иаагозар, абиблиатә ҳәамҭақәа рҟны аԥсыраӡа- ари адоуҳа зцу, ицқьоу, Анцәа изааигәоу, изыӡырҩуа, ихыԥша зныруа уаҩуд. Ахԥатәи ахырхарҭа атәы уҳәозар, аӡәы џьара мҩак ирҭоума, маҵзурак ахь далырхуама, уи "дыԥсыцқьоуп, игәра гоуп", ҳәа рҳәалоит. Абас еиларсоуп ахырхарҭақәа. Убри сара сҟазшьагьы символтә ҵакыс иамоу џьысшьоит, убри амҩа сықәуп, избанзар санхәыҷыз аахыс ҳаҩнаҭа иҟан уи аҩыза ахымҩаԥгашьақәа абиԥарала. Насгьы цәаҳәак сымоуп "Исыхьыз роуп исыҩҩыз, акымзарак хәыцым" ҳәа. Ус анакәха, абри аԥсыраӡа, аԥсыцқьара, аиашара, ауаҩра ауп ныхахәс исымоу. Убри иахылҵуеит сышәҟәқәагьы рыхьыӡқәа", - лҳәеит Ҳашпҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.