Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәнызқь мааҭ инеиҳаны ирӷьычит ҳәа агәҩара зызрымоу ҩыџьа атәылауаа аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Аԥсны инхо Анрик Ԥачлиеи Рафик Оганиани Аҟәа иӷьычит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусбарҭа ишаанацҳауа ала, Аҟәа Астудентцәа рымҩаҟны игылоу ҩнык аҟны аӷьычра ҟалеит. 180 нызқь мааҭи абанктә хсаалагеи зҭаз аԥараҭрақәа ҩба рӷьычит.
Ԥачлиеи Оганиани раанкылараан ирыдбалан аԥараҭрақәа ҩба, руак аҟны 15 нызқь мааҭи абанктә хсаалагеи ҭан. Иара убас Ԥачлиа идбалан 35 нызқь мааҭ иаԥсоу аҳәса рлымҳареиқәа.
ААР адырра ҟанаҵоит, Астудентцәа рымҩаду аҟны аӷьычра анымҩаԥгаз аамҭеихшара инақәыршәаны, Кортуа амҩаду аҟны игылоу ҩнык аҟны алымҳареиқәеи, абанктә хсаалагақәа фбеи, 18 нызқь мааҭи рӷьычит.
Анрик Ԥачлиа иаанкыларазы аӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит, Рафик Оганиан- аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0