Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Алик Минасиан Аԥснытәи аерман уаԥшь дахагылеит

© Foto / Анаид Гогорян Алик Минасян
Алик Минасян - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2023
Анапаҵаҩра
210-ҩык аделегатцәа злахәыз Аԥснытәи аерман уаԥшь реизара мҩаԥысит Гәылрыԥшь араион аҟны жәабран 18 рзы.
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Алик Минасиан Аԥснытәи аерман уаԥшь ахадас далырхит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаԥшь ахаҭарнак Хачик Минасиан.
"Амшхәаԥштә аҟны иқәгылан ҩ-зҵаарак - ауаԥшь ахада иалхреи Аԥснытәи аерманцәа руаԥшь Ахеилак аԥҵареи. Еицҿакрыла ауаԥшь ахадас далхын Алик Минасиан. Иара убас аизараҿы иалхын Аԥснытәи аерманцәа руаԥшь Ахеилак алахәылацәа 55-ҩык", - иҳәеит Хачик Минасиан.
Алик Минасиан ирҭаз агәрааразы иҭабуп ахиҳәааит.
Уи аԥхьа Аԥснытәи аерман уаԥшь деиҳабын Жәлар Реизара адепутат Галуст Трапизониан.
Ажәабжьқәа зегьы
0