Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ихыркәшоуп акциа "Атәым рыцҳара ыҟам"

© Foto / из соцсетей Мощное землетрясение в Турции и Сирии
Мощное землетрясение в Турции и Сирии - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра аӡбамҭа рыдыркылеит адгьылҵысра иахҟьаны арыцҳара иақәшәаз атәылақәа афинанстә цхыраара аҳасаб ала 300 нызқь доллар рзышьҭра. 100 нызқь доллар Ҭырқәтәылаҟа, 200 нызқь доллар – Шьамтәыла.
АҞӘА, жәабран 20 – Sputnik. Ихыркәшахеит агәыҳалалратә акциа "Атәым рыцҳара ыҟам". Акциа азырхан Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра иахҟьаны ааха зауз ауааԥсыра ацхыраара рзыҟаҵара ҳәа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Инал Хәытаба.
"Жәамш имҩаԥысуан агәыҳалалартә акциа. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп уи иалахәыз зегьы. Абри аамҭала иҳалшеит миллионки 129 нызқьи 450 мааҭ аизгара. Акциа анхыркәшаха аҩбатәи амш азы аԥарақәа Ҭырқәтәылаҟа иҳашьҭит. Аханатә иаҳҳәеит ацхыраара заҳҭар зылшо Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуаа роуп ҳәа, избанзар абанктә система ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Шьамтәылаҟа иаҳзышьҭуам", - ҳәа иҳәеит иара.
Ацхыраара аҟаҵара алшон аиҿкааҩцәа рбанктә хсаалагахь анашьҭралеи, ахәаахәҭрақәа рыҟны иқәыргылаз аизгарҭақәа рҭаҵаралеи. Инал Хәытаба иажәақәа рыла аԥарақәа риеҳарак ахсаалагақәа рахь инашьҭын.
"Иааизакны ацхыраара ҟазҵаз 450-ҩык инареиҳаны иҟоуп, дара ирылшоз ала ацхыраара ҟарҵеит, иҟоуп 50 мааҭ ҟазҵазгьы", - ҳәа иҳәеит иара.
Ацхыраара зуыз дреиуоуп ашкол аҵаҩы, уи иҭаацәа шьыбжьхьаҳәа ирҭаз 100 мааҭк ааигеит.
Ликвидация последствий землетрясения продолжается в Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 40,5 нызқь иреиҳахеит
"Аиҿкааҩцәа руаӡәк еиҭеиҳәеит 10-11 шықәса зхыҵуаз ҷкәынак дшиԥылаз, уи аԥареизгара атәы шиаҳаз, аха имоу 100 мааҭк шракәу. Арҭ ашәмааҭк шьыбжьхьазы ҳәа иҭаацәа ирҭаз аԥароуп, аха иара уи ацхыраара иазирхеит. Ари гәыҟаҵагоуп. Агәра згоит ауаҩра шилҵуа", - ҳәа иҳәеит Инал Хәытаба.
Аԥсны аиҳабыра аӡбамҭа рыдыркылеит адгьылҵысра иахҟьаны арыцҳара иақәшәаз атәылақәа афинанстә цхыраара аҳасаб ала 300 нызқь доллар рзышьҭра. 100 нызқь доллар Ҭырқәтәылаҟа, 200 нызқь доллар – Шьамтәыла.
Культурно-благотворительный фонд Ашана передал 100 тысяч рублей в помощь жителям Сирии и Турции, пострадавшим от землетрясения. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Аԥсны
Афонд "Ашана" шә-нызқь мааҭ Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи руааԥсыра рзы иазнархиеит
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿ жәабран 11 рзы. Аҟәа имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны.
Жәабран 9 рзы адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы (Аконфедератцәа рымҩа, 12). Уа дарбанзаалак днеины ихәҭа алеигалар илшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0