Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсны иахьатәи аҭҵаарадырреи аԥеиԥши иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ашәба Аԥсны иахьатәи аҭҵаарадырреи аԥеиԥши иазкны
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарадырра ҳаамҭазы иааннакыло аҭыԥи аус зыдулатәуи дырзааҭгылеит аефир аҟны Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб аҵарауаа дырԥылеит Аԥсны аҭҵаарадырра аҭагылазаашьеи аҿиареи рызҵаарақәа ирылацәажәарц. Аҵарауаа ргәаанагара рҳәеит аҳәынҭқарра ацхыраара зҭаху азҵаарақәа рзы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп хықәкылатәи афундаменталтә ҭҵаарақәа, аҭҵаарадырратә кадрқәа разыҟаҵара, аҭҵаарадырра ԥарала ацхраара.
"Иҟоуп агәаанагара аҭҵаарадырра еснагь ахарџь рацәа зҭаху акоуп, аҳәынҭқарра аргылараҟны иаҳнаҭои ҳәа аекономика аганахьала иахәаԥшуа, аха даҽа ганкахьала аҳәынҭқарра аргылараҟны зегь рацкьыс ихадоу, иара зықәгылоу уасхыруп. Аԥыза-министр ибзианы еиликаауеит иқәгылоу азҵаара. Аҭоурыхҭҵааҩцәа рыбжьара аимак-аиҿак ыҟоуп. Иаҳҳәап, ус еиԥш азҵаара ықәургылозар, ҳара ихьԥшым ҳәынҭқарроуп анкьа Қырҭҭәыла иаҳнамырҟаҵоз ҟаҳҵар ҳалшоит ҳәа зыԥхьаӡо. Аха уи иаанагаӡом ҳара уажәшьҭа иҳагу акызаҵәык аҩроуп, аԥхьаҩ иҟынӡа анагароуп ҳәа. Уи ус имариаӡам. Археологцәа есышықәса имҩаԥыргоит аҭҵаарадырратә ԥшаарақәа, аха рбаҳа ахьныҵарҵо иаразнак ирҭаху иманшәаланы аҿахәы аҳәо иузыҵгаӡом. Даҽа 10-15 абиԥара ҳнаҩсгьы ицар, уи аҭҵаарадырратә ус нҵәаӡом. Убас иҟоуп егьырҭ ахырхарҭақәа рҿгьы", - иҳәеит Ашәба.
Иара иазгәеиҭеит акадрқәа иара убас ахыҵхырҭақәа рыҭҵаараҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы, аҵарауаа ргәы каршәны аус руларц азы ахныҟәгага ҳәа ироуа ауалафахәы шазымхо.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0