00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡиа Риҵа аҵаара иалагеит

© Foto / dikhagbaЗамерзшая Рица
Замерзшая Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Анапаҵаҩра
Риҵа аҵакыраҿы аҳауаԥхара уахынла -5°C - 7°C рҟынӡа илаҟәуеит, ҽынла 0°C.
АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik, Бадри Есиава. Аӡиа Риҵа аҵаара иалагеит ҳәа иҳәеит Риҵатәи амилаҭ парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, жәабран 21-22 руха метрабжак инеиҳаны илеиз асы аӡиа хнаҩеит, макьанагь имӡҭӡацт. Аҳауаԥхара уахынла -5°C - 7°C рҟынӡа илаҟәуеит, ҽынла 0°C ыҟоуп.
"Уахыкала 60 сантиметр рҟынӡа асы леит. Асоура иаҟәыҵит, аха аԥсабара ахы шымҩаԥнаго ҳаздырӡом. Ҳара хәҭа-хәҭала амҩақәа ҳрыцқьоит, уажәшьҭан арыцқьара ҳцәыуадаҩмхарц азы", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Жәабран 22 ашьыжь Риҵа ҩ-метрак инареиҳаны асы шьҭан. Ауадҳара амш зеиԥшроу цқьа еилкааӡам, аха аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уаҟа х-метрак рҟынӡа асы шьҭалахьан.
Багаҭелиа иҳәеит Риҵа иахьаҵанакуа асы ақәгаразы аус шыруа 30-ҩык рҟынӡа аусуцәеи асы ықәызго амашьынеи, атрактори, абульдозери.
Риҵа илеиз асы иахҟьаны ҩыџьара асыԥсақәа леит. Асыԥсақәа руак Аӡиаҵәа ааигәара илеины аӡышьҭра акит, егьи Риҵаҟа уназго амҩа 26-тәи акилометр аҿы.
Багаҭелиа ишиҳәаз ала, асыԥса анлеи сааҭбжак ашьҭахь аӡы ахала ацарҭа аԥшааит. Бзыԥ аӡышьҭра шьақәгылеит, аӡхыҵра иахьымӡаӡеит. Уи аахыс уаҳа асыԥса џьаргьы имлеиӡеит.
Иҟоу ашәарҭара азгәаҭаны апарк ахь аҭалара аанкылоуп жәабран 19 раахыс. Ианаартхо макьана иазгәаҭаӡам, аха Багаҭелиа игәаанагарала амш ирнаҭар даҽа ҩымш-хымш рышьҭахь иаартхоит.
Снег на озере Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Аԥсны
27 нызқьҩык рҟынӡа ажьырныҳәа акы аахыс Риҵатәи апарки Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭааит
Ажәабжьқәа зегьы
0