Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥоцхороӷлы аррамаҵзуреи аԥсадгьыл ахьчареи ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ԥоцхороӷлы аррамаҵзуреи аԥсадгьыл ахьчареи ирызкны
Анапаҵаҩра
Жәабран 23 рзы Урыстәылеи Ихьԥшым атәылақәа реимабзиара иалоу аҳәынҭқаррақәа жәпаки рҿы иазгәарҭоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш. Аныҳәа шьаҭаркын 1922 шықәсазы. Жәабран 23 рзы ирыдныҳәалоит зыԥсҭазаара Аԥсадгьыл ахьчара иазызкыз, ҳаҭырла иргәаладыршәоит агәаӷьра злоу, зхы иамеигӡо, доуҳала иӷәӷәоу, ауаажәларра рҭынч ԥсҭазаара зыхьчо ауаа. Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш Аԥсны аофициалла иазгәарымҭозаргьы, асовет аамҭазы зықьҩыла ҳтәылуаа аррамаҵзура иахысхьан. Баикал анхыҵ арратә ҳәааҿы аррамаҵзура ихигахьан, иахьа, Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс иҟоу Лизберт Ԥоцхороӷлы дазааҭгылеит аррамаҵзура инаҭаз адыррақәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны ихы ишаирхәоз, иҩызцәагьы ирыҵаиҳәоз шыҟаз.
"Аррамаҵзура асовет аамҭазы усҟан даара хьӡны иԥхьаӡан, иахьа иаҳа ихьысҳаны иазыҟоуп. Усҟан иҟаз апропагандатә машьына, хымԥада, аус арутәуп аҳәынҭқарраҟны, избанзар ҳауаажәлар иахьа ихьысҳаны иахәаԥшуеит аԥсадгьыл ахьчара аусқәа. Усҟан иҟаз ааӡара, аԥышәа ҳара даара иҳахәеит 1992-1993 шықәсқәа рзы…Зегь цааит арра ҳҳәар, усҟан ҳманшәалахоит, ҳҳәаагьы хьчахоит. Арра иԥшьоу усуп, уан ушылхаҵгало, бзиа дшубо еиԥш, ургьы уҳәынҭқаррагьы урхаҵгылароуп, бзиа иубароуп. Аидеологиа усҟан, хымԥада, аус ауан ибзианы. Абри аибашьра зхызгаз ашколқәа рахь инаганы рацәажәара иаха-иаҳа ирцәыхьшәашәо иалагеит. Ус аҟаҵара аҭахӡам. Агәыбылра роурц азы ахәыҷқәа ирыҵаҳәалатәуп, усҟан аԥсадгьыл ахаҵгыларагьы ҟалоит, хымԥада", - иҳәеит Ԥоцхороӷлы.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0