Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинтернационалтә бригада "Пятнашка" иазку афильм ддырбеит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Премьера фильма про Пятнашку
Премьера фильма про Пятнашку - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәса жәабран 24 аҽны Урыстәыла Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара иалагеит.
АҞӘА, жәабран 24– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажурналист Антон Красовски идокументалтә фильм "Батальон "Пятнашка". На стороне добра" дырбан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны, ахәашаҽны жәабран 24 рзы.
Афильм ахәаԥшарахь Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда алахәылацәеи ашколхәыҷқәеи ааԥхьара рыман.
"Иҵит шықәсык аоперациа ҷыда цоижьҭеи. Шәаргьы ҳаргьы ииашаны иаадыруазароуп ари адунеи аҿы имҩаԥысуа, иззымҩаԥысуа. Уи адагьы иаадыруазароуп еснагь Аԥсадгьыл ахьчара ҳазыхианы ҳшыҟазааша" - лҳәеит амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа, еизаз рҿаԥхьа дықәгыло.
Лара абиԥара-ҿа ирзеиӷьалшьеит аҭынчра, 1992-1993 шықәсқәа рзы аԥсуа жәлар зҭагылаз арыцҳаарқәа ирнымиарц.
Аԥсны иҟоу Абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаҩ, аоперациа алахәыла Дмитри Московцов иазгәеиҭеит, аоперациа ҷыда алагара мзызны иамаз аилкааразы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра иазхьаԥштәуп ҳәа.
"Асовет жәлар рыҟазаара ахьчара адагьы СССР адунеи аҳәынҭқаррақәа ираԥхьагылаз ҳәынҭқарраны иҟарҵеит. Ҳабдуцәа Европа зегьы ахы иақәиҭыртәит анацист режим еилаԥыххааны. Акраамҭа анацизм аӡбахә ырцәоуп ҳәа ишьан, аха иара еиҭах ахы акит Украина", - иҳәеит иара.
 Возложения к Неизвестному солдату 24-02-2023 - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Аԥсны
Донбасс ахьчаразы иҭахаз аԥсуа еибашьцәа Агәымшәаразы амедал ранашьоуп
Аинтернационалтә бригада "Пятнашка" алахәыла Денис Соломко иазгәеиҭеит шықәсык аҩнуҵҟа Урыстәыла аҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа рынагӡара ишаҿу.
"Урыстәыла иаҿагылоуп Мраҭашәара аҳәынҭқаррақәа 30 рҟынӡа ҳҿагыланы иқәԥоит, дара роуп абранӡагьы иаазгаз. Ихадароу ҳара зегьы уи ҳахьаҿагыло ауп: Аԥсни Урыстәылеи рыжәҩа еибыҭоуп", - иҳәеит Соломко.
Ажурналист Антон Красовски идокументалтә фильм "Батальон "Пятнашка". На стороне добра" еиҭанаҳәоит абригада ашьақәгылашьа аҭоурых, ауаа уахь рнеира аҵаӷәқәа, аибашьра шцо ртәы.
Ауснагӡатә еиҿыркааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0