Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол “Ашықәс арҵаҩы” Аҟәа иаатит

© Sputnik / Сария КварацхелияМеждународная зимняя школа “Учитель года”
Международная зимняя школа “Учитель года”  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2023
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол “Ашықәс арҵаҩы” Аԥсны имҩаԥысуеит жәабран 23-26 рзы. Иара Аԥснытәи арҵаҩцәа алшара роуеит Урыстәылатәи рколлегацәеи дареи реинырра, арҵаратә методика ҿыцқәа азхьаԥшра.
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол “Ашықәс арҵаҩы” Аҟәа иаатит жәабран 23 азы.
Аҵара аминистр Инал Габлиа Аԥсны арҵаҩцәеи Урыстәылатәи аусдырыҩцәеи аԥсшәа раҳәо иҳәеит:
“Агәахәара ду снаҭоит Аӡынтәи ашкол Аԥсны ҩынтәны иахьымҩаԥаҳго, Урыстәыла иреиӷьу арҵаҩцәа ахьаҳзаауа. Аамҭа иаҳнарбеит ари ашкол аҳәаақәа ирҭагӡаны ишәоуа адыррақәа нас апрактикаҿы ахархәара шроуа. Абри азы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит" - иҳәеит иара.
II Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол “Ашықәс арҵаҩы” аусура алагамҭаз абжьаратә школ №1 ашҭаҿы ҩ-ҵлак еиҭарҳаит. Инал Габлиа ас еиԥш ашьаҿақәа традициахап ҳәа дшақәгәыӷуа иҳәеит.
Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" ҩынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи.
Сынтәа иара азкуп аҵаратә стереотипқәа риаара, аҵаратә усқәа рыӡбрақәа рызнеишьа, ашколхәыҷқәа рырҿиаратә лшарақәа реизырҳара рызҵаарақәа. Уи адагьы иазыԥхьагәаҭоуп аелектронтә рҵаратә ресурсқәа, ацифратә технологиақәа, агибридтә ҵара рыҭҵаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0