Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонд "Ашана" зхылаԥшуа ҩыџьа ахәҷқәа рыцхрааразы ҩаԥхьа аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik / Томас ТхайцукБлаготворительный забег "Бежим со смыслом"
Благотворительный забег Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Анапаҵаҩра
Ахәҷқәа рыцхраара аилкаара шәылшоит афонд "Ашана" асаити асоциалтә ҳақәеи рыҟны.
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонда "Ашана"зхылаԥшуа ҩыџьа ахәҷқәа – 12 шықәса зхыҵуа Николь Аргәынԥҳаи хәышықәса зхыҵуа Шабаҭ Гәаланӡиеи рыцхрааразы ҩаԥхьа аԥареизгара хацнаркит ҳәа аанацҳауеит афонд асацҳақәа.
Николь асимптоматикатә фокалтә епилепсиа, ахәҷтәы ахбаҩлашатә дабла, арӷьарахьтә агемипарез захьӡу ачымазарақәа лымоуп. Лара лыхәшәтәразы афонд изныкымкәа аԥареизгара мҩаԥнагахьеит, уи иабзоураны алҵшәа бзиақәа ыҟоуп.
Абҵарамза 2022 шықәсазы Николь Ҭырқәтәыла "Медикал парк Газиосманпаша" амедицинатә центр аҟны лыхәшәтәра мҩаԥысуан. Уаҟа аҳақьымцәа игәарҭеит лыбла абара шеицәахаз, иагьрабжьаргеит дахьынхо аҭыԥ ала аҟазацәа дыддырбарц.
Подопечная фонда Ашана Николь Аргун с мамой  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2021
Ашәа ҳәо аԥсҭазаара иану: "Ашана" Николь Аргәын лзы аԥареизгара иалагеит
Лыхәшәтәра ашьҭахь аепилепсиа ԥсыҽхеит, аха Николь ҩаԥхьа Ҭырқәтәыла лгара хымԥадатәиуп, уи азын 270 нызқьмааҭ еизгатәуп.
Шабаҭ Гәаланӡиа ахәҷтәы ахбаҩлашатә дабла имоуп. Хәышықәса ихыҵаанӡа имацара дызныҟәаӡомызт. 2019 шықәсазы ахәҷы урыстәылатәи аклиникаҿы ихәшәтәра мҩаԥысуан, уи ашьҭахь ишьапқәа ықәиаргыло далагеит. Уи адагьы Шабаҭ Аԥсны игәабзиара ашьақәыргылара дахысуеит.
Иҟаҵоу ахәшәтәра алҵшәақәа рырӷәӷәаразы ахәҷы есҽны аҟазацәа рыҟны ихәшәтәра мҩаԥгалатәуп. Уи ахықәкы анагӡаразы "Ашана" аԥареизгара иалагеит, 300 549 мааҭ рҟынтәи иахьазы еизгоуп 170 520 мааҭ.
Шабаҭ Гәаланӡиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.12.2019
Афонд "Ашана" хышықәса зхыҵуа Шабаҭ изы аԥареизгара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0