Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: апсихолог Хорааԥҳа ауаҩы ашәареи агәҭынчымреи дшыриааиша иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: апсихолог Хорааԥҳа ауаҩы агәҭынчымра, ашәара дшыриааиша иазкны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны иҟоу еиуеиԥшым арыцҳара дуқәа, ашәарҭарақәа, агәкажьра зцу ахҭысқәа ауаҩы иаҳа ииашаны ишидикылаша, ихшыҩ, имч ааха анамҭартә азы иҟаиҵаша еиҭалҳәеит аефир аҟны апсихолог Алиса Хорааԥҳа.
Ауаҩы игәабзиара, ихы-ихшыҩ ааха азҭо амцхә аибарххара, ашәара, агәҭынчымра еиуеиԥшым амзызқәа рыла ахы цәырнагоит, агәҽанызаара инаҭоит ари аԥсҭазаара шидикыло дазхәыцроуп, иҽааникылароуп, ишиԥырхагахоу инарбоит ҳәа лҳәеит Хорааԥҳа.
"Ауаҩы ихәамц, ихы, ижәҩахырқәа, ибӷа иаҳа еибырхханы ибоит астресс данҭагылоу. Амаҷ дазыцҟьо далагоит, уаанӡа изгәамҭоз иаҳа игәы арцкапуа иалагоит, игәалаҟазаара иаҳа илаҟәоит. Аус иуазар, ма аҵара иҵозар, игәеимҭар залшом имч-илшара иаҳа ишкаҳауа, агәҭынчымра, агәкаҳара шиныԥшуа, ицәа маҷхоит мамзар ацәа дзалымҵуа дҟалар алшоит. Иҟоуп мыцхәы афатә зҽадызцало ари аамҭазы, мамзар акрыззымфогьы. Еилкаам агәхьаа ихьухьуа, ахыхь изцәырҵоит. Абас еиԥш даныҟалалак ауаҩы, уажәшьҭа идырыр алшоит астресс анырра шинаҭо, иаҳа ихы дацклаԥшыруп", - лҳәеит апсихолог.
Лара иазгәалҭеит ари аамҭазы ауаҩы иҵар шахәҭоу аԥсҭазаараҟны абзиа аԥшаашьа, агәырӷьара зцу аҭагылазаашьақәа ралкаара.
"Акы анҳахьлак, ҳара есымша иаҳгәалашәо абзиа акәӡам, ацәгьара зцу аҭагылазаашьаақәа роуп. Убри аҟынтәи иҵатәуп аԥсҭазаараҿы абзиара зцу аҭагылазаашьақәа, аамҭақәа рыԥшаара. Иҵатәуп ахацклаԥшшьа, иарбан цәанырроу иааҳарԥшуа, урҭ аарԥшышьас иҳамоу ҳацклаԥшыр бзиуп. Ҳаҩнуҵаҟа иаанмыжькәа адәахьы рышьҭра, раарԥшрақәа рацәоуп, уигьы иазхәыцтәуп. Иҵатәуп ҳахшыҩ ицәырнаго ҳхәыцрақәа ахылаԥшра рыҭара, абзиарахь рырхара, иҵатәуп аԥсшьашьа", - лҳәеит Хорааԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0