Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Чагәааԥҳаи Чхамалиеи аибашьра ажурналистцәа русумҭақәа рҿы

Хра злоу ахҭысқәа: Чагәааԥҳаи Чхамалиеи аибашьра иадҳәалоу атематика иазкны
Анапаҵаҩра
Ихыркәшоуп "Еиҭаҳәам аибашьра аҭоурых" атемала ажурналистцәа рыбжьара аицлабра. Уаҟа иалкаахаз Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Аруна Чагәааԥҳаи агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит русумҭақәа шиз атәы.
Аԥсны амилаҭтә кьыԥхьи амассатә информациатә хархәагақәеи ирымшуп иахьа. Уи ианамаданы Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз атемала ицоз аицлабра аихшьаалақәа мҩаԥнагеит.
Аноминациа "Ателехәаԥшра" аҟны актәи аҭыԥ лоуит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Аруна Чагәааԥҳа ателедырраҭара "Гәазыҳәарас ирымои ҳветеранцәа" азы. Акьыԥхь аҟны ахԥатәи аҭыԥ даԥсахеит Алхас Чхамалиа ажурнал "Алашара" аҟны икьыԥхьыз "Схәыҷра сыцәзырӡыз... Аибашьра" аочерк азы.
Ажурналист Аруна Чагәааԥҳа арадиоефир аҿы илҳәеит аибашьра атема еснагь ишазҿлымҳау. Иахьатәи аветеран игәазыҳәарақәа рыла атема лыдгалан ателехәаԥшра анапхгара рҟнытә. "Сақәшаҳаҭхеит, аха абас еиԥш азҵаара шрыдызгалаша ҳәа акыраамҭа сазхәыцуан", - лҳәеит ажурналист аиҿцәажәараҿы.
"Сацәшәон мап сцәыркыр ҳәа. Хықәкыс иҳаман аефир ахь инаҳамгац рӡыргара. Сыззасыз зегьы ақәшаҳаҭхеит. Гәыкала ирыдыркылеит атемагьы. Аханатә зҵаарак акәызҭгьы иҳамаз, уи мацара аҿы ҳаанымгылаӡеит. Рхы-ргәаҿы инхаз аибашьра ахҭысқәа ртәы еиҭарҳәеит", - лҳәеит Чагәааԥҳа.
Алхас Чхамалиа аибашьра ианалагаз 10 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха уи ахы инаркны аҵыхәтәантәи амшынӡа игәалашәоит усҟан имҩаԥысуаз ахҭысқәа. Урҭ игәалашәарақәа зегьы еиднакылеит иҩыз очерк аҿы. Зегь реиҳа ихаҿы иаанахаз хҭысқәак арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0