Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба еиҭеиҳәеит Донбасс ареспубликақәеи Аԥсни реизыҟазаашьа аҿиара атәы

© Sputnik / Марианна Кубрава Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада актәи аканал аефир аҟны иҳәеит, Аԥсны шадгыло Урыстәыла Украина имҩаԥнаго иҷыдоу арратә аоперациа ахықәкы.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Аԥсны Лугански Донецки жәлар рреспубликақәа урыстәылатәи асубектқәа раҳасабала аизыҟазаашьақәа шьақәнаргылоит. Аҽазнашәоит иалшо ала ацхыраара аҭара ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба актәи аканал ателедырраҭара "Большая игра" аефир аҟны.
Аминистр иазгәеиҭеит, Донбасс ареспубликақәа рҳәанҭқарратә суверенитетқәа анрылырҳәа, Аԥсны аизыҟазаашьақәа шышьақәнаргылаз жәларбжьаратәи азин змоу субиектқәаны.
"Урҭ Урыстәыла Афедерациа ианадла ашьҭахьгьы, Урыстәыла асубиект ҳасабла ҳусеицура иацаҳҵоит, иахәҭоу анорматив-зинтә база аиқәыршәара ҳаҿуп, излаҳалшо ала агуманитартә цхыраарагьы ҟаҳҵоит", - иҳәеит Арӡынба.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иҳәеит, абџьар шьҭызхыз ауаа рыԥсҭазаараҿы ихадоу- рхақәиҭра аиқәырхара шакәу, уи Аԥсны шадгыло. Аԥсны атәылауаа хатәгәаԥхарала Донецк еибашьуеит, Донбасс ауааԥсыра иззықәԥо аҿы ирывагылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0