Атуроператорцәа: аԥхын Аԥсны аԥсшьараз иадҵаало атуристцәа рацәаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукКурортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.
Курортный сезон. Отдыхающие на пляжах Абхазии.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аџьармыкьаҿы ахәԥсақәа шьҭыҵит. Уи зыдҳәалоу аҭахрақәа адгаларақәа раасҭа иахьеиҳахаз ауп.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа сынтәа аԥхын Аԥсны аԥсшьараз иадҵаала рацәаҩуп ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит атуриндустриа Урыстәылатәи Аидгыла ахада Илиа Умански.

"Краснодартәи атәылаҿацә иаҿырԥшны Аԥсны аԥсшьарагьы ахәԥсақәагьы еиҳа адемократиатә ҟазшьа рымоуп. Атурқәа рыҭира ҳаракуп, аҭаххарақәагьы рацәоуп", - иҳәеит иара.

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аԥхынтәи атурқәа рыҭира 15% еиҳахеит. Умански иҳәеит Ҟрымҟа атурқәа раахәара лаҟәит ҳәа. Убри аан Аидгыла апресс-маҵзура иазгәанаҭеит ииасыз ашықәс иаҿырԥшны атурқәа Ҟрымҟа рыҭира 70% иеиҵахеит ҳәа. Аиҳарак Ҟрым мрагыларатәи ахәҭоуп аԥсшьараз иалырхуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0