2022 шықәсазы Урыстәылантә Аԥсныҟа атуреишьҭанеира 5,4 миллион ныҟәара ыҟан

© Sputnik / Томас Тхайцук Бархатный сезон в Абхазии
Бархатный сезон в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы Росстат Урыстәылантә аҳәаанырцәҟа атуреишьҭанеиразы аҳасабырба ҟанаҵеит.
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. 2022 шықәсазы Урыстәылантә Аԥсныҟа атуреишьҭанеира 5,4 миллион ныҟәара ыҟан. Ари атәы аныԥшуеит Росстат аҳасабырбатә жәахә аҟны.
Актәи аҭыԥ амоуп Аԥсны, аҩбатәи Ҭырқәтәыла - 4,6 миллион, ахԥатәи Арабтә Емиратқәа – 1,2 миллион, Египет - 900,5 нызқь, Қырҭтәыла - 830,5 нызқь.
Аусбарҭа адыррала 2021 шықәсатәи атәыла анҭыҵ ныҟәарақәа 17,1% ирызҳаит – 22,5 миллион рҟынӡа.
2022 шықәсазы аҳәаанырцәуаа Урыстәылаҟа 8,2 миллион туристтә ныҟәара мҩаԥыргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0