Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала аус аӡбарҭахь ирыҭоуп

© SputnikМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала аус аӡбарҭахь ирыҭоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.
Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аиҳабы, амилициа акапитан Багаҭелиа Ҳаџьараҭ, Гагра араион ААР ацуҭа милициа, амилициа алеитенант еиҵбы Џьалаӷониа Дмитри, иара убасгьы Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аусзуҩ Ҷыҭанаа А.Л. ахара рхарарҵоит рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны абџьар рхы иадырхәеит, ақәымчра ҟарҵеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Гагра араион ААР аоперативтә зинмчра змоу, амилициа алеитенант еиҵбы Аншба Ҭимури Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аусзуҩ Мшьелиа И.Р рмаҵзуратә напынҵақәа инархырҳәҳәан рхы иадырхәеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала ашьаус хацыркуп
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, мшаԥы 7 рзы Багаҭелиеи аопергәыԥ алахәылацәа Аншбеи, Џьалаӷониеи, Ҷыҭанааи Мамзышьха иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы ахылаԥшра мҩаԥыргон азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи раԥырҟәҟәааразы, хаҭала изакәанымкәа анаркотикқәеи аԥсихотроптә хархәагақәеи реикәыршара алмыршаразы. Абри амаҵзуратә гәаҭараан Санкт-Петербургтәи аԥсшьаҩы Артиом Русских даанкыланы Гагра араионтә ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы днаган ихаҭара ашьақәыргыларазы, иара атуристтә ԥсшьарҭақәеи амаршрутқәеи рынҭыҵ иҟазаара иахырҟьаны.
Иара убри амш азы Русскихи иԥшәмаԥҳәыс Дариа Морозовеи уи лҩыза Полина Салминеи еиҭаанкылан. Дара амилициа аҟәшахьы инаганы, иарбанзаалак шәҟәык иамырбаӡакәа рҿахәы рҿырхит, еимырдеит. Русских далархәны еимдан асасааирҭатә номер "Black-Sea" аҿы.
Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа иааныркылаз Русских ауадақәа руак аҿы ддыргәаҟуан, ихақәиҭра дшалахәдартәуаз иаҳәо бџьарла ддыршәон. Анаҩс Русских Гагра араион иахьаҵанакуа уаҩ дахьыҟамыз ҭыԥк ахь днаганы дрыпҟеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0