Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа: амилаҭтә ҟазара ҿиарцаз ашколқәа рҿы иҟазароуп амузыкатә рҳәагақәа

Кәарҷиа: амилаҭтә ҟазара ҿиарцаз ашколқәа рҿы иҟазароуп амузыкатә рҳәагақәа
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 2 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуеит жәлар рмузыка-арҳәагақәа роркестрқәа XII рреспубликатә фестиваль. Жәлар рырҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио ефир аҿы еиҭеиҳәеит, сынтәатәи афестиваль аҷыдарақәа ртәы, уи иалахәхо, насгьы, ҳтәылаҿы арҿиаратә гәыԥ ҿыцқәа раԥҵара иацу ауадаҩрақәа ртәы.
Сынтәа раԥхьаӡа акәны асценахь ицәырҵуеит ацентр аҿы еиҿкааз авокалтә инструменталтә ансамбль, иара убас Очамчыратәи аинтернет аҟынтә агәыԥ ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷиа.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, афестиваль ишалахәхо зыхьӡ хара инаҩхьоу "Гәында" еиԥш ансамбльқәагьы.
Нури Кәарҷиа далацәажәеит, ақыҭақәа рҿы арҿиаратә гәыԥқәа раԥҵара иацу ауадаҩрақәа ртәы, иҳәеит ашколқәа рҿы ишрымам амузыкатә рҳәагақәа.
"Иахьа имаҷуп амилаҭтә арҳәагақәа ҟазҵо. Урҭ ҟаларгьы ахәҷқәа рыла ҭраа иахәаԥшуеит, рнапы наӡом. Жәлар рҟазара аҿиара ҟаларцаз иҟазароуп адгылара акультура аминисрра аҟынтә аҵара аминисрра аҟнытә", – иҳәеит Кәарҷиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0