Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба иҳәеит Урыстәыла ахада Агәраргагатә шәҟәқәа иҭара аусмҩаԥгатә анымҩаԥысуа

© SputnikВстреча министра с послом Абхазии в России
Встреча министра с послом Абхазии в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 30 рзы Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан, уи азы Аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Агәраргагатә шәҟәқәа иҭара иазку аусмҩаԥгатә хара имгакәа ишазгәаҭоу.
"Иааиуа амзақәа рзы имҩаԥгахоит Урыстәыла ахада Владимир Путин Агәраргагатә шәҟәқәа иҭара аусмҩаԥгатә. Иареи шәареи шәеиқәшәалараны шәыҟоуп, уи азы иахьа ҳалацәажәароуп шәеинырра аԥкаанҵа", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иԥылараан.
Аминистр иҳәеит, Урыстәыла асубиект ҿыцқәа рҿы Аԥсны ахаҭаранакрақәа раартра шазгәаҭоу.
"Иахьа шәаргьы саргьы ҳалацәажәоит Урыстәыла асубиект ҿыцқәа– Донецк, Луганск, Запорожие, Херсон рыҟны Аԥсны ахаҭаранакрақәа раартра иазкны", - иҳәеит Инал Арӡынба.
Абҵара 30 рзы Алхас Кәыҵниа Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмч нагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит жәабран 26 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0