Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа абгақәеи абгалаџқәеи иҟарҵо аԥхасҭазы: зыжәҭрақәа зынӡагьы иҭацәыз ауаа ыҟоуп

Џьопуа абгақәеи абгалаџқәеи иҟарҵо аԥхасҭазы: зыжәҭрақәа зынӡагьы иҭацәыз ауаа ыҟоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны абгақәеи абгалаџқәеи рышьразы аминистрцәа реилазаара аусдҵа рыдыркылеит. Уи аиҿкааразы аветеренартә маҵзура иазоужьуп 600 000 мааҭ. Аԥсны аветеренар хада Роман Џьопуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит анхацәа ирымоу аԥхасҭа атәы, насгьы абнатә ԥстәқәа рышьра аус шеиҿкаахо.
Бгак азы ишьақәыргылоуп 5 556 мааҭ, абгалаџ азы– 2 779 мааҭ. Уаанӡа абгазы иршәон 3 000 мааҭ, абгалаџ азы – 800 мааҭ.
Аԥсны аиҳабыра ари аус иахаҵгылеит, ас еиԥш иҟамлаӡацызт ирацәаны аԥара рзыршәо ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа аефир аҿы.
"Шьҭа аус руроуп ашәарыцаҩцәа. Дара ироуа аԥара ала иаархәалароуп рхысга маҭәахәқәа. Ҳазԥшуп ламысла ари аус иазнеип ҳәа. Амала ирдыруазароуп, ҳара ианрылаҳҳәалак ашьҭахь ишьыз роуп аԥара зыхшәаатәхо. Ҵыԥх акы сшьхьан ҳәа инеиуа дҟамлароуп. Мамзар, аԥарақәа нҵәоит, абгақәа рҭагылазаашьа шыҟаҵ иаанхоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны аветеренар хада иажәақәа рыла, лассы-лассы ауаа дара рахь инеиуеит зырахә агыгшәыгқәа ирфаз. Иҟоуп зыжәҭрақәа зынӡагьы иҭацәызгьы ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа. Ҳара иҳалшо атәыла ахадарахь ашәҟәы аҩра ауп, уи ауажәы ахаҵгылара аиуит ҳәа иҳәеит аветеренартә маҵзура аиҳабы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0