https://sputnik-abkhazia.info/20230303/urystylati-afestival-feyerverk-novogodnikh-igrushek-afinalisttsa-aamaa-ryreit-aa-1044424311.html
Урыстәылатәи афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" афиналистцәа аҳамҭақәа рырҭеит Аҟәа
Урыстәылатәи афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" афиналистцәа аҳамҭақәа рырҭеит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" мҩаԥнагоит ауаажәларратә еиҿкаара “Синергия талантов”. Сынтәа иара иалахәын Урыстәыла 50 региони 59 тәылеи рҟынтәи... 03.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-03T09:49+0300
2023-03-03T09:49+0300
2023-03-03T09:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/02/1044419682_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_592b0fdd2af97c6fefbb35d2dcd064cc.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылатәи афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" афиналистцәа аҳамҭақәа рырҭеит Аҟәа, "Москва Аҩны" аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгыла ахантәаҩы Анна Калиагина.Аԥснытәи ахәыҷқәа рыхәмаргақәа ажиури иалыркааит. Ржәеизаҩыкгьы афинал ахь инеит. Емир Горобцов “Аԥсаӡ акосмос аҿы” аноминациа аҟны аиааира игеит. Аицлабра мҩаԥысуан ахәыҷқәа апатриоттәи адоуҳатәи ааӡара рыҭара азҵаарақәа рзы Акомиссиеи Урыстәыла ахада иҟны иаԥҵоу амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аҿар Рхеилаки русура аҳәаақәа ирҭагӡаны.Ахантәаҩыс дыҟоуп ИАР аусқәа рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ, Аҳәынҭдума адепутат, аказақ-еинрал Виктор Водолацки. Сынтәа афестиваль иалахәын Урыстәыла 50 региони 59 тәылеи рҟынтәи ахәыҷқәа. 
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа
Урыстәылатәи афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" афиналистцәа аҳамҭақәа рырҭеит Аҟәа
Афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" мҩаԥнагоит ауаажәларратә еиҿкаара “Синергия талантов”. Сынтәа иара иалахәын Урыстәыла 50 региони 59 тәылеи рҟынтәи ахәҷқәа.
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылатәи афестиваль "Фейерверк новогодних игрушек" афиналистцәа аҳамҭақәа рырҭеит Аҟәа, "Москва Аҩны" аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгыла ахантәаҩы Анна Калиагина.
“Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭдума, Роскосмос уҳәа рҿы аԥсаӡқәа дыргылоит, аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа хәмаргала идырԥшӡоит. Роскосмос аҿы аноминациа “Акосмостә ԥсаӡ”, Аҳәындумаҿ - “Ашықәс ҿыц СССР  атрадициақәа рыла”, Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы - “Аҭынчреи аиҩызареи рыԥсаӡ” ҳәа еиҿкаан. Сынтәа Аҳәынҭдумаҿ абри атәы сзеиҭарҳәеит. Аԥснытәи ахәыҷқәагьы алахәзар бзиан ҳәа иазысԥхьаӡеит. Аԥсныҟа санаа алаҳәара ҟасҵеит, аха рацәак ақәҿрымҭит. Нас Аӡҩыбжьа, Аҟәа, Гагра уҳәа аҟазаратә-классқәа “Новогодние игрушки своими руками” еиҿаҳкааит. Ахәыҷқәа ирзеиҭаҳҳәеит аноминациақәа рыӡбахә. 11-ҩык ахәыҷқәа аицлабрахь рыҟаҵамҭақәа рышьҭырц рыӡбеит", - еиҭалҳәеит Калиагина.
Аԥснытәи ахәыҷқәа рыхәмаргақәа ажиури иалыркааит. Ржәеизаҩыкгьы афинал ахь инеит. Емир Горобцов “Аԥсаӡ акосмос аҿы” аноминациа аҟны аиааира игеит. Аицлабра мҩаԥысуан ахәыҷқәа апатриоттәи адоуҳатәи ааӡара рыҭара азҵаарақәа рзы Акомиссиеи Урыстәыла ахада иҟны иаԥҵоу амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы аҿар Рхеилаки русура аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ахантәаҩыс дыҟоуп ИАР аусқәа рзы Аҳәынҭдума аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ, Аҳәынҭдума адепутат, аказақ-еинрал Виктор Водолацки. 
Сынтәа афестиваль иалахәын Урыстәыла 50 региони 59 тәылеи рҟынтәи ахәыҷқәа.