Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахаҵа даанкылоуп изқәиҭым амаҭәашьарқәа изакәанымкәа иаахәаны Аԥсны ралагалараз

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИсправительная колония. Архивное фото.
Исправительная колония. Архивное фото.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу ахаҵа аҳәаа иахигон аметадон рацәани 30 грамм "алирикеи".
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Гәдоуҭа инхо Алексеи Еныкь азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит изқәиҭым амаҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи Аԥсныҟа ралагалареи рзы, Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.
Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Еныкь ишәыз-иҟәныз ангәарҭоз идырбалеит анаркотикатә маҭәашьар "аметадон" рацәаны, иара убас 38 грамм раҟара апсихотроптә маҭәашьар "апрегабалин", "лирика" ҳәа зыӡбахә рҳәо.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 1, ахәҭаҷ 224 ахәҭа 1 азгәаҭа 1 рыла.
Алексеи Еныкь дырбаандаҩит, ашьаусԥшаара иацҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0