Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа апроект "Аибашьра иалиааз асаламшәҟәқәа" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа апроект "Аибашьра иалиааз асаламшәҟәқәа" иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс "Аибашьра иалиааз асаламшәҟәқәа" ҳәа хьӡыс измоу апроект ҿыц хацнаркуеит. Уи аиҿкааразы асаламшәҟәқәа реизгара шымҩаԥысуеи, иахьазы имҩаԥгоу аусуреи, апроект ахаҭа аформати ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит апроект ахылаԥшҩы Есма Кәыҵниаԥҳа.
Асаламшәҟәқәа рыԥхьара азгәаҭоуп авидео формат ала ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кәыҵниаԥҳа, убри аан илҳәеит урҭ ишрыԥхьало аконгресс аусзуҩцәеи, ажурналистцәеи, иара егьыс агәаҳәара змоу ауааи.
Апроект ахаҭа шииз атәы далацәажәо, Есма илҳәеит лҭаацәа рҿы ишыҟоу аибашьра еиҩнашаз рысалам шәҟәқәа, лара еснагь илҭахын мышкы зны рӡыргара.
"Ҳхәыҷы аахыс ҳрыԥхьон урҭ ашәҟәқәа, ҳрызхәыцуан. Аныҳәа дуӡӡа инадҳәалан аконгресс аҿы, иӡбан апроект аиҿкаара. Макьана иалаҳхуеит асаламшәҟәқәа. Иаҳҭахуп, ҭаацәаныла ирыҩуаз ҳаԥшаарц. Агәыбылра, аԥхарра зҵоу, анацәа аиҳәшьцәа аибашьра ацәаҳәаҿы иҟаз рахь ирыҩуаз…", - ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахаҭарнак илҳәеит иахьазы жәабаҟа шәҟәы шеизыргахьоу, убри аан апроект адгылара арҭеит Гәдоуҭатәии Аҟәатәии Аибашьра-фырхаҵаратә музеиқәа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0