Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арӡынба Қырҭтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа рҿы ЕАА Аҳәынҭдеп ароль далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аминистр Қарҭ имҩаԥысуа аҳәынҭқарратә шьақәгылара аиҭакроуп иззырхоу иҳәеит. Иара уаанӡа ус шакәу азгәеиҭахьан.
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Қарҭ аҿагыларақәа ирылахәу Еиду Америкатәи аштатқәа Рҳәынҭдепартамент анапаҵаҟа иҟоуп иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа римнистр Инал Арӡынба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.

"Аҭынчҿагылара мҩаԥыргошәа иқәгыло ауаа активла рхы иадырхәоит "Молотов икоктельқәа", амҩанкылара уҳәа агрессиа зҵоу ахымҩаԥгашьа аформақәа. Ари иунарбоит дара шазырхиоу. Уи адагьы иазгәаҭатәуп асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа рҟны Аиҳабыратә еиҿкаарақәа ахаангьы ирымаз адеструктивтә роль", - иҳәеит аминистр.

Арӡынба иҳәеит Аԥсны анапхгара, Атәылахьчара аминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа ишрышьклаԥшуа, иазгәеиҭеит Егрытәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аԥснытәии урыстәылатәии аҷыдаҟәшақәа хылаԥшра шарҭо.
"Ҳрегион аҿы ашәарҭадаратә система ҭышәынтәалоуп", - иҳәеит иара.
Хәажәкыра 7 рзы Қарҭ апарламент аҿаԥхьа аҿагыларатә акциа мҩаԥыргеит. Амитинг алахәылацәа иаҿагылоит актәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз аҳәаанырцәтәи агентцәа рзы азакәан. Аполициа амитинг алахәылацәа ықәырцеит аӡыршәгақәа, алаӷырӡаагага газ рыла. Алахәылацәа ракәзар, аполициаа рмашьынақәа амца рыцрарҵеит, амцарцәага машьына ааха арҭеит, аргыларақәа рсаркьақәа ԥырҽит. Аиҿагыларақәа раан аполициаа рганахьала жәаҩык аахақәа роуит. Ҩымш рыҩнуҵҟа иаанкылоуп 133-ҩык.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, америкатәи аполитика ахықәкы - уи Алада Кавказ аҩбатәи афронт аартра ауп.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Аԥсны
Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит ЕАА Қырҭтәыла амчра ахҳәара ргәы иҭоуп ҳәа
Ажәабжьқәа зегьы
0