Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Манаргиа еиҭеиҳәеит 2023-тәи ашьапылампылтә сезон иахьынӡазыҟаҵоу атәы

Манаргиа еиҭеиҳәеит 2023-тәи ашьапылымпылтә сезон иахьынӡазыҟаҵоу атәы
Анапаҵаҩра
Ахраҿа хадазы аиндаҭлара мҩаԥысуеит хәажәкыра 10 рзы астадион "Динамо" аҟны асааҭ 17:00 рзы. Еиԥылоит аҟәатәи "Нарҭи" гәдоуҭатәи "Риҵеи" ршьапылампыласыҩцәа. Иахьа имҩаԥысуа ахәмарра хада шеиҿкаау, сынтәатәи ашьапылымпылтә сезон иахьынӡазыҟаҵоу ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәоит Ашьапылампылтә федерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа.
Ахраҿа хадазы ахәмарра есышықәса имҩаԥысуеит. Еиԥылоит ашықәсан ичемпионхаз акомандеи Аԥсны ахраҿа згаз ахәмарыҩцәеи.
"Аха ҵыԥх убас иҟалеит - ачемпионрагьы Аԥсны ахраҿагьы згаз гәдоуҭатәи "Риҵа" ауп. Нас ашьапылампылтә хәмарраҟны ҩ-командак ыҟазароуп. Ашьапылампылтә федерациа арегламент ишарбоу ала, уи аҩыза аҭагылазаашьа аныҟалалак, убасҟан иҳаҩсыз асезон аҟны ахраҿа згаз акоманда рԥылоит ачемпионат аҟны аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз ахәмарыҩцәа. Абасала, гәдоуҭатәи "Риҵа" иацхәмаруеит 2022 шықәсазы аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз аҟәатәи "Нарҭ". Ас иҟоуп ари аиԥылара аҭоурых, уи алагьы иаатуеит 2023 шықәсазтәи ашьапылампылтә сезон", - иҳәеит Манаргиа.
Иара иазгәеиҭеит сынтәа ашьапылампылтә сезон зеиԥшрахо атәы макьана ишизымҳәо, ишиашоу ицо аефир ала ахәмаррақәа дырбаразы ауадаҩрақәа шыҟоу.
"Ҵыԥх аинтернет-проваидер "Система" абзоурала имҩаԥысуан ишиашоу ицо аефирқәа, аха сынтәа, ааҭгыларак ҟарҵеит хәа ауп ишыздыруа. Егьырахь, ҵыԥх аа-командак шыҟаз еиԥш сынтәагьы иҟалоит. Ԥшь-командак афинанстә уадаҩрақәа рымоуп, аҳәынҭқарра ахада иҳәеит дышрыцхраауа. Урҭ акоманадақәа: цандрыԥшьтәи "Саӡ", аҟәатәиқәа "Динамои" "Нарҭи", галтәи "Самырзаҟани" роуп", - иҳәеит Манаргиа.
Ажәабжьқәа зегьы
0