https://sputnik-abkhazia.info/20230312/aba-iiasyz-ria-ashapylampylasy-yshysa-akhmarraa-drylakhkhom-1044579753.html
Аӡбаҩ ииҿасыз "Риҵа" ашьапылампыласҩы ҩышықәса ахәмаррақәа дрылахәхом
Аӡбаҩ ииҿасыз "Риҵа" ашьапылампыласҩы ҩышықәса ахәмаррақәа дрылахәхом
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааит 3:2 ҳәа гәдоуҭатәи "Риҵа" ианацхәмаруаз. 12.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-12T17:34+0300
2023-03-12T17:34+0300
2023-03-12T18:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аспорт
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/0b/1044564878_0:90:1174:750_1920x0_80_0_0_c913a0ae896685ae168db55bf18a021d.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахылаԥшра-леишәатә комитет "Нарҭ-Риҵа" реицыхәмарраан аӡбаҩ ииҿасыз ашьапылампыласҩы иганахьала аӡбамҭа аднакылеит, абри атәы аанацҳауеит Афедерациа апресс-маҵзура.Уи адагьы гәдоуҭатәи ашьапылампыласратә клуб "Риҵа" ахараԥса ақәҵан.Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада агаразы гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыхәмарра мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны хәажәкыра 10 рзы. Ахәмарра 29 аминуҭ азы аӡбаҩ хада Касабиев ашьапылампыласҩы Аинар Гамсаниа иӷьеҩны ихәмарразы абӷьыц ҟаԥшь ииҭеит. Уи ашьҭахь Гамсаниа аӡбаҩ диҿасит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/0b/1044564878_28:0:1147:839_1920x0_80_0_0_5cd6f8c40cb1e891a4ded976678b7223.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аспорт
Аӡбаҩ ииҿасыз "Риҵа" ашьапылампыласҩы ҩышықәса ахәмаррақәа дрылахәхом
17:34 12.03.2023 (ирҿыцуп: 18:00 12.03.2023) Аҟәатәи "Нарҭ" Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада иаиааит 3:2 ҳәа гәдоуҭатәи "Риҵа" ианацхәмаруаз.
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа ахылаԥшра-леишәатә комитет "Нарҭ-Риҵа" реицыхәмарраан аӡбаҩ ииҿасыз ашьапылампыласҩы иганахьала аӡбамҭа аднакылеит, абри атәы аанацҳауеит Афедерациа апресс-маҵзура.
Гәдоуҭатәи "Риҵа" ашьапылампыласҩы Аинар Гамсаниа аԥҟарақәа реилагаразы иааидкыланы ҩышықәса, ахәмаррақәа быжьбеи рышҟа днашьҭхом. Иара азин имхуп Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа еиҿнакаауа ахәмаррақәа рылахәхара.
Уи адагьы гәдоуҭатәи ашьапылампыласратә клуб "Риҵа" ахараԥса ақәҵан.
Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада агаразы гәдоуҭатәи "Риҵеи" аҟәатәи "Нарҭи" рыхәмарра мҩаԥысит аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҟны хәажәкыра 10 рзы. Ахәмарра 29 аминуҭ азы аӡбаҩ хада Касабиев ашьапылампыласҩы Аинар Гамсаниа иӷьеҩны ихәмарразы абӷьыц ҟаԥшь ииҭеит. Уи ашьҭахь Гамсаниа аӡбаҩ диҿасит.