Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьоууа Очамыра амашьына-трактортә станциа аусуразы: иҳадҵаало дҳаргьежьыртә ҳаҟам

Шьоууа Очамыра амашьына-трактортә станциа аусуразы: иҳадҵаало дҳаргьежьыртә ҳаҟам
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи амашьына-трактортә станциа аиҳабы Виачеслав Шьоууа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит адгьыл ацәаӷәаразы ааԥынтәи аусурақәа иахьынӡарызхиоу, атехника аҭагылазаашьа зеиԥшроу, макьаназы анхацәа ирыдҵаало ыҟоу атәы.
Шьоууа иажәақәа рыла ариаон аҟны ҵыԥхцәа аасҭа ҵыԥх анхацәа иаҳа аџьықәреи ларҵеит, аха есышықәса иаҳа аарҩарахь аха архоит аҳауатә ҭагылазаашьа, убри аҟынтәи ацәагәарақәа заа имҩаԥгалатәуп.
"Иара ажәытәан ҭагалантәи аӡынтәи ацәаӷәарақәа ҟарҵон, ус иҟоуп атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынгьы. Ҳара ҳҟны уи аҟәрышь мыжда иадҳәалоуп, аха агрономиа аганахьала адгьылгьы иазеиӷьуп, иааурыхуагьы иаҳа иҟалоит. Ҵыԥх 700 гектар рҟынӡа ҳцәаӷәеит. Иахьала ауаҩы ацәаӷәара зҭаху дҳаргьежьыртә ҳаҟам. Ацәаӷәара ахәқәа нас Ақыҭанхамҩа аминистрра ишьақәнарӷәгәоит, иахьа уажәраанӡа ҵыԥх ишыҟаз еиԥш иҟоуп, иԥсахӡам, амала аԥхьаҟа абылтәы-ахьшьтәы рыхә макьаназы ишыҟало ҳаздыруам", - иҳәеит Шьоууа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0