"Оскар" алауреатцәа рыӡбахә ҳәоуп

© AP Photo Invision/Danny MoloshokОскар
Оскар - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2023
Анапаҵаҩра
Иреиҳаӡоу акино аҿы аԥхьахә рырҭон Лос-Анџьелестәи акинотеатр Dolby аҿы хәажәкыра 12 рзы.
АҞӘА, хәаәкыра 13 – Sputnik. Лос-Анџьелес имҩаԥысит ЕАА акино аусхк аҿы иреиҳаӡоу аԥхьахә анашьараз 95-тәи ацеремониа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Иреиӷьу фильмуп ҳәа ишьоуп Ден Квани Дениел Шаинерти русумҭа "Все везде и сразу". Дара роуп иреиӷьу арежиссиорцәа ҳәа ахьтәы ҳаҭәараҷқәа зауз.

Мишель Иео афильм аҿы ароль хада назыгӡоз иреиӷьу актриса ҳәа далкаауп. Џьеими Ли Киортиси Ке Хиу Квани, иара абри афильм аҿы рыхәмарраз аҩбатәи аплан иаҵанакуа иреиӷьу актиорцәа ҳәа аԥхьахәқәа рыҭоуп.
Аԥхьахә ианашьан Брендан Фреизер, афильм "Кит" аҿы иреиӷьу актиор ҳәа далкааны. Ари акино иаиуит иреиӷьу агрими ахцәырхиареи рзы аԥхьахәгьы.
Џьеимс Кемерон иусумҭа "Аватар: Путь воды" аԥхьахә анашьахеит иреиӷьу аланарԥшыратә еффектқәа рзы; иреиӷьу анимациатә фильмны иршьеит "Пиноккио Гильермо дель Торо".
Едвард Бергер идрама "Мраҭашәаратәи афронт аҿы еиҭакрада" "Оскарқәа" анашьахеит: аҳәаанырцә бызшәала иҭыху иреиӷьу афильм, иреиӷьу аоператортә усумҭа, иреиӷьу ақәыргыламҭа, аиреиӷьу амузыка рзы.
Иреиӷьу ашәаны иалкаауп "Naatu Naatu" (индиатәи афильм "RRR: Рядом ревет революция").
Ажәабжьқәа зегьы
0