Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахада Ҭаҭарсҭан анаплакқәа русура ҭиҵааит

© Foto / Пресс-служба администрации СухумаГлава Сухума изучил работу предприятий Татарстана
Глава Сухума изучил работу предприятий Татарстана - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Анапаҵаҩра
Беслан Ешба зхадараҿы дыҟоу Аҟәа ахадара аделегациа аусутә ныҟәарыла Казан иҟоуп хәажәкыра 14 раахыс.
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Аҟәатәи аделегациа Ҭаҭарсҭан анаплакқәа ирҭааит ҳәа аҳәоит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Урҭ иреиуоуп ааглыхратә наплакы "Зарница", аинтерактивтә тренажиорқәа, аҵаратәи алабораториатәи амыругақәа ҭзыжьуа. Арахь иаҵанакуеит ахәыҷқәа рзы автодромқәа, амашьынала аныҟәараз атренажиорқәа, амцарцәагатә тренажиорқәа уҳәа егьырҭгьы.
Беслан Ешба иара убасгьы дыҟан, ачашылеи аҟашәеи ахьыҟарҵо - арыц адкылареи аус адулареи, аҵәахреи ахьымҩаԥырго анаплакы "Казантәи аӡлагара" аҟны.
Ново-Савинтәи араион аҿы Аԥснытәи асасцәа ирзеиҭарҳәеит ашҭатә ҵакырақәа рырбзаара апрограмма шцо, АУН "Ақалақь арбзазара" аԥышәа рыманадеит адәныҟа-мҩатә ҳақәеи ақәаршҩыцарҭақәеи рныҟәгашьазы.
Беслан Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Аԥсны
Ешба: Аԥсны ианаало аинвесторцәа адԥхьаланы ааглыхра ҳарҿиалароуп
Ажәабжьқәа зегьы
0