Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырыргеит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Второе издание книги о денежном обращении в Абхазии представили в Сухуме
Второе издание книги о денежном обращении в Абхазии представили в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых" авторцәас иамоуп Асҭамыр Ҭаниеи Ибрагим Чкадуеи.
АҞӘА, хәажәкыра 17– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәы "Аԥсны аԥареикәыршара аҭоурых" аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырган Аԥсны Абанк аҿы хәажәкыра 17 азы.
"Ашәҟәы актәи ахәта ҭыжьын 2018 шықәсазы, аха тираж маҷла, иара аиҳарак ҳамҭаны ирызшан. Ашәҟәы харҭәааны аиҭаҭыжьра аҭахны иҳаԥхьаӡеит Аԥсны Абанк амузеи аартра ашьҭахь. Араҟа ирацәоуп Аԥсны аԥареикәаршара иадҳәалоу аҭоурыхқәа, урҭ уажәтәи аҭыжьымҭаҿы иаарԥшуп", - иҳәеит Аԥсны Абанк амузеи адиректор, ашәҟәы авторцәа руаӡәк Асҭамыр Ҭаниа.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырыргеит Аҟәа

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырыргеит Аҟәа - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырыргеит Аҟәа

© Sputnik / Марианна Кубрава

Аԥсны Абанк амузеи

Аԥсны Абанк амузеи - Sputnik Аҧсны
3/3

Аԥсны Абанк амузеи

1/3

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырыргеит Аҟәа

2/3

Аԥсны аԥара аҭоурых иазку ашәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа ӡырыргеит Аҟәа

3/3

Аԥсны Абанк амузеи

Иара иазгәеиҭеит амузеи аколлекциахь ишнанагаз иуникалу аԥараҿырп – араӡны иалху адрахмабжа, ҳера ҟалаанӡа III ашәышықәсазы иҭыжьу, абазелевс Аки ихьӡ анҵаны.
Ибрагим Чкадуа иҳәеит аҩбатәи аҭыжьымҭа раԥхьа иргыланы аԥшаах ҿыцқәа рыҟазаароуп мзызны иаиуз. Ҿырԥштәны иааигеит Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭа аус адуларазы ареволиуциа ҟалаанӡатәи хәызмоу ақьаадқәа ашәҟәы ранҵара.
Открытие скульптуры А.Лабахуа у Музея Денег - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Архип Лабахәуа иӡыршә маҷ аадыртит Аԥсны Абанк аҿаԥхьа
"Аколлекционерцәа ҳаҽрымаадеит, дара сахьак ҳарҭеит, иара раԥхьаӡа акакәны иаҳкьыԥхьит. Уи адагьы аҭыжьымҭа ҿыц атираж еиҳа иҭбаауп, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи иаархәартә аиԥш аҭагылазаашьа рымазаарц", - иҳәеит иара.
Ашәҟәы Ҭырқәтәыла иҭыжьуп, атираж 900 цыра ыҟоуп, аахәара алшоит Аԥсны Абанк амузеи аҿы аиԥш ареспубликатә шәҟәыҭирҭақәа рыҿгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0