Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥстәқәа рыхьчаҩцәа амилициа рахь арзаҳал нарышьҭит Гагра алақәа ахьыршьыз инамаданы

© Sputnik / Марианна Кубрава Бездомные животный
Бездомные животный  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2023
Анапаҵаҩра
Идырым ахаҵа ҭынха дызмам алақәа дрылахысуа далагеит гагратәи асубтропикатә парк аҟны хәажәкыра 16 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥстәқәа рыхьчаҩцәа амилициа рахь арзаҳал нарышьҭит Гагра алақәа ахьыршьыз инамаданы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыцхырааразы афонд "Багиреи" алақәа раанкыларҭа "Топеи" рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа.

"Иацы ашамҭазы идырым аӡәы апринц Ольденбурски ипарк аҿы алақәа дриехсуа далагеит. Ҳара уахь ҳаннеи ашьа катата иҟан ақьафурҭа "Абааҭа" инаркны 2-тәи ашкол аҟынӡа. Ана-ара ихәыз алақәа кажьын", - лҳәеит Оҭырԥҳа.

Лара иазгәалҭеит макьана еилкааны ишрымам заҟа ла аԥырхага роуз, избанзар ибналақәазгьы ыҟоуп.
Аволонтиорцәа ихәыз х-лак рбеит, урҭ урыстәылатәи аветеринартә клиникақәа руак ахь инаргеит.
Оҭырԥҳа лажәаәқа рыла, арҭ алақәа зегьы алаҵа рзыҟаҵан, ираҟәан, уи азы рлымҳақәа рҿы адыргақәа аман.
"Араион ахадараҿы ирҳәеит асеиԥш дҵак шыҟарымҵац, иҟалаз атәгьы шырзымдыруа. 2016 шықәса раахыс Гагра алақәа рышьра азин ыҟам ", - лҳәеит лара.
Бродячая собака  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2023
Аԥсны
Кәыриԥа алақәа рбарҭаҿ аҭыԥ азхом иҳәеит
Гагратәи Араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Иунусба Sputnik акорреспондент даниацәажәоз иҳәеит аԥстәқәа рыхьчаҩцәа рҟынтә амилициа арзаҳал шрыдыркылаз, аҭҵаарақәа шымҩаԥырго.
"Раԥхьатәи аматериал еизаагеит. Уажәы уи аҭҵаарахьы инашьҭуп. Официалла аӡәгьы азин имамызт алақәа рышьра. Ҳара иҟалаз еилаҳкаауеит", - иҳәеит Иунусба.
Идырым иумҭа ахьанҭара шьақәыргылахоит, иҟалоит ашьаус хацыркхаргьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0