Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит Москва атуристтә цәыргақәҵаҟны аԥсуа кәакь иахьынӡазҿлымҳау атәы

Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит Москва атуристтә цәыргақәҵаҟны аԥсуа кәакь иахьынӡазҿлымҳау атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахаҭарнакцәа злахәу Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҟны аԥсуа кәакь шеиҿкаау, иадҵаало рацәаҩума, аҭааҩцәа иаҳа изызҿлымҳау арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит "Аԥсуа Тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа.
Хәажәкыра 16 - 18 рзы Москва имҩаԥысуеит Атуризми асасдкылара аиндустриеи XXIX жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа – MITT.
Еиуеиԥшым атуреилахәырақәа, атуроператорцәа, аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа рзанааҭеидгылақәа рыла ишьақәгылоу Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭоит Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
"Иахьазы аԥсуа стенд иадҵаало маҷӡам, ирацәаҩуп. Анкьа иадымҵаалоз аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәагьы рацәаҩхеит. Иаҳҳәап, Кырӷызтәыла, Беларус, Китаинтәи атуроператорцәа. Зегьы ҳаҽрымаҳдоит, идҳарбоит иҳамоу аҭыԥ ԥшӡақәа. Ҳҽазыҟаҳҵеит, еиуеиԥшым ажурналқәа аԥаҳҵеит ирыдаҳгало амаҵзура ахьаарԥшу. Сгәы иаанагоит аԥхьаҟа иҳахәап ҳәа есышықәса ҳхы злаҳархәо ас еиԥш ацәыргақәҵа", - лҳәеит Маланиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит атуроператорцәа рҟнытәи Аԥсны аганахьала адҵааларақәа 70 % ишеизҳаз ҵыԥх иаҿырԥшны, аха аурыс туристцәа иаҳа изыдҵаало ахырхарҭақәа раԥхьа ишгылоу Даӷьысҭан. Уи ахырхарҭа аԥхьатәи аҭыԥ ааннакылоит. Ашықәс ҿыц ашьҭахь аԥсшьаразы иаадыртуа заанаҵтәи амҩақәҵагақәа ртәы уҳәозар, Аԥсны алызхыз 81 % рхыԥхьаӡара иацлеит. Маланиаԥҳа лажәақәа рыла заанаҵтәи амҩақәҵагақәа рыла Аԥсны раԥхьатәи аҭыԥ ааннакылоит, аха зегь раасҭа изыдҵаало, атуроператорцәа рдыррала, Даӷьысҭан ауп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0