Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Жорданиа "Брианцевтәи афестиваль" аҟны "Чик" ақәгыларазы: ахәыҷқәа рхы бзианы иаадырԥшит

Жорданиа "Чик" "Брианцевтәи афестиваль" аҿы ақәгыларазы: ахәыҷқәа рхы бзианы иаадырԥшит
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зхәу аурыс драматә театр ахәыҷтәы студиа анапхгаҩы Џьамбул Жорданиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит "Брианцевтәи афестиваль" аҿы рықәгылара шыҟалази, ахәаԥшцәа рықәгыламҭа хәшьарас иарҭази ртәы.
Хәажәкыра 16 рзы ахәыҷтәы XXIV-тәи "Брианцевтәи афестиваль" аҟны "Возвращение из волшебной страны ОЗ" аспектакль рыманы иқәгылеит Аурыс драматә театр аҟны иаԥҵоу ахәыҷтәы театртә студиа "Чик".
"Раԥхьаӡа акәны астудиа афестиваль ахь иааит. Иара ахьӡ ду змоу акакәны иҟоуп. Иалахәуп атеатралтә ҟазараҿы еицырдыруа ауаа, акритикцәа. Аколлективқәа даара ирацәан. Иааидкыланы 20 театр ыҟан", – иҳәеит Жорданиа.
Иара еиҭеиҳәеит афестиваль ахь ааԥхьара шроузи, ахәыҷтәы студиа агара иацыз ауадаҩрақәеи ртәы.
"Анапеинҟьаралагьы иудыруеит ишыргәаԥхаз, аха сааҭки 15 минуҭи ицоз аспектакль 25 минуҭ иагырхатәхеит. Иагәылаҳҵаз аҵакы ркьаҿтәхеит, уи адагьы 10 минуҭк рыла асцена еиқәыршәатәын. Иҟан ауадаҩрақәа, аха ахәыҷқәа даара рхы бзианы иаадырԥшит", - иҳәеит Жорданиа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0