https://sputnik-abkhazia.info/20230321/gagrati-apark-ay-ashaama-akhatsy-yyroit-1044766985.html
Гагратәи апарк аҿы ашьаҟамҩа ахаҳәцәы ықәырҵоит
Гагратәи апарк аҿы ашьаҟамҩа ахаҳәцәы ықәырҵоит
Sputnik Аҧсны
Гагра ақалақь аԥшаҳәа иахьаҵанакуа – Гагрыԥшь аӡиас инаркны Жәаҩакәара аӡиас аҟынӡа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иаҿуп. 21.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-21T13:35+0300
2023-03-21T13:35+0300
2023-03-21T13:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
гагра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/15/1044761190_0:370:961:910_1920x0_80_0_0_d9dce35d61afa480e2e19095e8dfb030.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи апринц Ольдебургтәи ипарк аҿы ашьаҟамҩа ахаҳәцәы ықәырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба. "Зеиԥшла 4535 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Иара убас ацәхыԥқәа рыԥсахуеит. Аиқәыршәаратәи аиҭашьақәыргыларатәи усурақәа аҭыԥантәи абиуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит, урҭ рхарџьынҵа – 29 млн. 500 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Арҭ аԥарақәа 2022 шықәсазы ашәахтәқәеи аизгақәеи рыплан ахыхь иацҵан иаланагалаз рҟынтә иаагоуп (147 миллион мааҭ). Урҭ рыхәҭак ҵыԥх иныхын, иаанхаз сынтәа ахархәара аҳҭоит", - иҳәеит иара. Ҵышәба иажәақәа рыла, ақалақь ари ахәҭаҿы амашьынаргыларҭақәагьы еиҿкаахоит, амашьынақәа амҩаду иангыламзарц азы. Уи адагьы, ахыркәшарахь инеихьеит Гагра амшын аԥшаҳәаҿы арҽеиратә усурақәа. Урҭгьы араион абиуџьет аҟынтә ауп аԥара шырхыршәаауа. Ахарџьынҵахь иаҵанакуеит 800 метра ахаҳәцәы ақәҵара, алашарбага ашьаҟақәа рыргылара, амшын иаԥырагылоу аҭӡы аргылареи арԥшӡареи. Аусурақәа хыркәшахароуп иааиуа акурорттә сезон аҟынӡа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230321/gagra-sergei-bagash-ikh-zkhu-abacha-ma-dyrshoit-1044759030.html
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/15/1044761190_0:280:961:1000_1920x0_80_0_0_371325b9a409de4241c1e35a6da445b7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, гагра араион
Гагратәи апарк аҿы ашьаҟамҩа ахаҳәцәы ықәырҵоит
Гагра ақалақь аԥшаҳәа иахьаҵанакуа – Гагрыԥшь аӡиас инаркны Жәаҩакәара аӡиас аҟынӡа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иаҿуп.
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагратәи апринц Ольдебургтәи ипарк аҿы ашьаҟамҩа ахаҳәцәы ықәырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.
"Зеиԥшла 4535 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Иара убас ацәхыԥқәа рыԥсахуеит. Аиқәыршәаратәи аиҭашьақәыргыларатәи усурақәа аҭыԥантәи абиуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит, урҭ рхарџьынҵа – 29 млн. 500 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Арҭ аԥарақәа 2022 шықәсазы ашәахтәқәеи аизгақәеи рыплан ахыхь иацҵан иаланагалаз рҟынтә иаагоуп (147 миллион мааҭ). Урҭ рыхәҭак ҵыԥх иныхын, иаанхаз сынтәа ахархәара аҳҭоит", - иҳәеит иара.
Ҵышәба иажәақәа рыла, ақалақь ари ахәҭаҿы амашьынаргыларҭақәагьы еиҿкаахоит, амашьынақәа амҩаду иангыламзарц азы.
Уи адагьы, ахыркәшарахь инеихьеит Гагра амшын аԥшаҳәаҿы арҽеиратә усурақәа. Урҭгьы араион абиуџьет аҟынтә ауп аԥара шырхыршәаауа.
Ахарџьынҵахь иаҵанакуеит 800 метра ахаҳәцәы ақәҵара, алашарбага ашьаҟақәа рыргылара, амшын иаԥырагылоу аҭӡы аргылареи арԥшӡареи. Аусурақәа хыркәшахароуп иааиуа акурорттә сезон аҟынӡа.