https://sputnik-abkhazia.info/20230322/1044802708.html
"Шьышь -нани", "Нарҭаа", "Шьараҭын: жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт
"Шьышь -нани", "Нарҭаа", "Шьараҭын: жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт
Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы хәажәкыра 22 рзы. 22.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-22T21:24+0300
2023-03-22T21:24+0300
2023-03-23T08:47+0300
афотосахьақәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/16/1044804531_0:86:1620:997_1920x0_80_0_0_6dd70696bbbc662e451956a71c88957c.jpg
Апрограмма шьақәгылан аркәашагатә мелодиақәеи, еицырдыруа жәлар рашәақәеи рыла. Урҭ иреиуоуп- "Шьышь -нани", "Аԥсуа ашәақәа рпопурри", "Изыурызеи", аркәашагатә - "Исламеи", "Аркәашагатә", "Нарҭаа", "Шьараҭын" уҳәа уб. иҵ.Аконцерт иаҭааз ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьы еихсыӷьра ақәымызт.Амилаҭтә ҵасқәеи, акультуреи, афольклори реиқәырхаразы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы 2016 шықәсазы еиҿкаан Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр.Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр напхгара аиҭоит Денис Арухаа.Оҭар Хәынҵариа аԥсуаа рҵас, рқьабз ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылон. Акомпозитор иаԥиҵахьоу ашәақәа 150 инареиҳаны Аԥсны иеицырдыруа ирылаҵәахьеит. Иаҳҳәап, аибашьра аан ииз "Аҳаҳаи Амарџьа", аҿар ргимн "Иҭбаауп адунеи", "Аҷандара", "Ашәҭқәа ирылоу аҭыԥҳа".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/16/1044804531_71:0:1511:1080_1920x0_80_0_0_8ae24cf7a834eb0dc8c9e9e4c8553a7e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, акультура
фото, афотосахьақәа, акультура
"Шьышь -нани", "Нарҭаа", "Шьараҭын: жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт
21:24 22.03.2023 (ирҿыцуп: 08:47 23.03.2023) Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы хәажәкыра 22 рзы.
Апрограмма шьақәгылан аркәашагатә мелодиақәеи, еицырдыруа жәлар рашәақәеи рыла. Урҭ иреиуоуп- "Шьышь -нани", "Аԥсуа ашәақәа рпопурри", "Изыурызеи", аркәашагатә - "Исламеи", "Аркәашагатә", "Нарҭаа", "Шьараҭын" уҳәа уб. иҵ.
Аконцерт иаҭааз ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьы еихсыӷьра ақәымызт.
Амилаҭтә ҵасқәеи, акультуреи, афольклори реиқәырхаразы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы 2016 шықәсазы еиҿкаан Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр.
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр напхгара аиҭоит Денис Арухаа.
Оҭар Хәынҵариа аԥсуаа рҵас, рқьабз ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылон. Акомпозитор иаԥиҵахьоу ашәақәа 150 инареиҳаны Аԥсны иеицырдыруа ирылаҵәахьеит. Иаҳҳәап, аибашьра аан ииз "Аҳаҳаи Амарџьа", аҿар ргимн "Иҭбаауп адунеи", "Аҷандара", "Ашәҭқәа ирылоу аҭыԥҳа".

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр аконцерт мҩаԥысит Аҟәа

Апрограмма шьақәгылан аркәашагатә мелодиақәа рыла.

Иара убас еицырдыруа жәлар рашәақәа рыла.

Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҟны ихәмаруеит аҳәынҭқарратә культуратә ҵараиурҭа астудентцәеи аушьҭымҭацәеи.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рарҳәагақәа роркестр напхгара аиҭоит Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Денис Арухаа.

Жәлар рарҳәагақәа роркестр аԥҵан 2016 шықәсазы.

Оркестр ахыкқәа иреиуоуп-амилаҭтә ҵасқәеи, акультуреи, афольклори реиқәырхара.

Аконцерт иаҭааз ахәаԥшцәа рнапеинҟьабжьы еихсыӷьра ақәымызт.

Жәлар рарҳәагақәа роркестр аҟны еиуеиԥшым арҳәагақәа рыла ихәмаруеит.

Аккордеонқәа рҿгьы убрахь иналаҵаны.

Оҭар Хәынҵариа аԥсуаа рҵас, рқьабз ирҿиаратә ԥсҭазаараҿы ихадароу аҭыԥ ааныркылон.

Оҭар Хәынҵариа иаԥиҵахьоу ашәақәа 150 иреиҳауп.

Аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр аус ауеит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

Сааҭк иназынаԥшуа ицоз аконцерт даара алахҿыхра ацын.