Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба: ҳџьынџьуаа ҳаԥсуара аиқәырхараҿы ирылшаз ҭҵаарадырралагьы аҳәара уадаҩуп

Ашәба: ҳџьынџьуа ҳаԥсуара аиқәырыхараҿы ирылшаз ҭҵаарадырралагьы аҳәаара уадаҩуп
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра азгәарҭоит Аҟәа. Ари арыцхә инадҳәаланы иахьа, хәажәкыра 22 рзы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҵарауаа алархәны имҩаԥысуеит аконференциа. Уа иззааҭгыло атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аилак 30 шықәса иалагӡаны имҩаԥыргаз аусура алҵшәақәа ирызкуп аконференциа аусура ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ашәба.
"Аибашьра ашыкьымҭаз, насгьы Марттәи ажәылара ашьҭахь иаԥҵахоит акомитет. Саназхәыцлак, изакәытә доуҳау имаз Владислав Арӡынба абас еиԥш ҟаиҵартә еиԥш, еилыскаауеит уи ахара аԥшра здыруаз шиакәу. Ажәлар рымч ҭазҵоз, ԥхьаҟа изгоз, ҳхы ҳақәиҭны ҳҟазҵоз азҵаарақәа цәыригон аибашьраан. Иахьа 30 шықәса рыла акомитет иалшази иалымшази, еиҭа хшыҩзышьҭра зҭатәу иалацәажәарцаз аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥгахоит. Иахьа иҟоу ҳаибабареи ҳаиҭанеиааиреи зыбзоуроу акомитет аусура ауп ҳәа исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Арда Ашәба иара убасгьы далацәажәеит ҳџьынџьуаа иахьынхо атәылақәа рҿы рџьынџь ахьӡ аларҵәараз инарыгӡо ароль атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0